ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ливантәи Ареспубликаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчы нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Рудакови реиҧылара

Ливантәи Ареспубликаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчы нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Рудакови реиҧылара. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы В. Ҳаразиа, А. Сангулиа, Е. Чамагәуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа: Б. Џьопуа, В. Бебиа, Р. Аиба, Н. Салаҟаиа, Д. Гогиа. Аиҧылара еиҿыркааит Ливан иҟоу аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Риад Абдульразак (Цыба) зхадараҿы дыҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Алеқсандр Рудакови, авизақәа рыҭара аус знапы иану аконсултә департамент аиҳаби, Аҧснытәи аделегациа гәаартыла ирыдыркылеит. Уаҟа зҵаара хадас иқәгылан Урысәтылатәи Афедерациа аҟынтә ҧынгылада атранзиттә виза аиура, зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҭаара зҭаху рыцхыраареи Аҧсны атәылауаҩшәҟәы аиуразы аҭагылазаашьа рзаҧҵареи рзы. Аҧснытәи аделегациа агәыӷра рырҭеит дара рҟынтәи ари аус ахаҵгылара шаиуа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ашәҟәы роур, зыҧсадгьыл ахь ицарц зҭаху ауаа мап шырцәырымкуа. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ иирдырит Аҧснытәи аделегациа алахәцәа зегьы. Иара убас, инарҭбааны дазааҭгылеит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аусура, насгьы уажәааигәа ишышьақәыргылаз Ливан инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара, ирылацәажәеит аҧхьаҟагьы ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл радыҧхьаларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәа.