ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧснытәи аделегациа Ливантәи Ареспубликаҿы аофициалла рныҟәарақәа рхыркәшамҭазы, Ливан иҟоу Аҧсуа Культуратә центр анапхгаҩы Абдульразак Риад (Цыба) иҩнаҭаҟны асасцәа идикылеит

Аҧснытәи аделегациа Ливантәи Ареспубликаҿы аофициалла рныҟәарақәа рхыркәшамҭазы, Ливан иҟоу Аҧсуа Культуратә центр анапхгаҩы Абдульразак Риад (Цыба) иҩнаҭаҟны асасцәа идикылеит. Иара убас, имҩаҧысит аҧхарра зцыз аҧсуа диаспореи Аҧснытәи аделегациеи реиҧылара. Анаҩс, ажәа иман Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Иара, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Абдульразак Риад аҧхарра зцыз еиҿикааз аиҧыларазы, имҩаҧысуаз ауснагӡатәқәа зегьы рҟны адгылара ахьааирҧшыз, хаҭала зегьы рхы ахьрылаирхәыз. Вадим Ҳаразиа, ҳџьынџьуаа ирзеиҭеиҳәеит Ливан инхо аҧсуааи Аҧсни реимадара лҵшәа бзиала аҿиаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҿкаара-зинхьчаратә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәылиа иқәгылараҿы дазааҭгалеит аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭала аилак имҩаҧнаго ахықәкы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыргьежьразы. Аслан Сангәылиа рҭакқәа ҟаиҵеит ҳдиаспора ргәы иҵхоз азҵаарақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭалара, аҧсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа реиҿкаара уҳәа. Аделегациа аилазаараҟны иҟаз Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ливан инхо ҳдиаспора иҭабуп ҳәа рарҳәеит инарыгӡо аусқәа зегьы рзы, ирҳәеит аиҧыларақәа зегьы аҧхарра рыҵаны ишымҩаҧысыз. Иара убас иазгәарҭеит апарламент аҟны адырра шыҟарҵо ҳдиаспора злацәажәоз зынагӡара аҭаху азҵаарақәа рыӡбахә. Хымҧада, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы уи ахырхарҭала имҩаҧнаго аусқәа зегьы адгылара шрырҭо.