ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Марттәи ажәылара агәаларшәаратә мшы

Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хәажәкырамза 15-16 даара илахьеиқәҵагоу рыцхәны иаанхоит. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц. Рыцҳарас иҟалаз, излагаз ажәылара лҵшәадахеит, уи иацын аҧсҭбарақәа маҷымкәа. Шәҩыла ҳаибашьцәа ахәрақәа роуит, иҭахеит 222-ҩык, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык, абжеиҳараҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан аибашьра ашьҭахь. Хәажәкыратәи ажәылара, 413 мши ҵхи ицоз аибашьра еиҟәызшаз акакәны уахәаҧшрыц алшоит. Иарбаз аплан инақәыршәаны, амотохысратә архәҭақәа Гәымысҭа аӡиас ҭыҧқәак рҟны рыҽдырӷәӷәар акәын, жәҩанлеи мшынлеи ироуран иҟаз ацхыраара иабзоураны аӷацәа раҧхьатәи рхыхьчарҭатә цәаҳәа ааха аҭаны, Аҟәа ахақәиҭтәразы анаҩстәи ажәылара мҩаҧыргар акәын. Аидыслара ӷәӷәа анаҩс, ҳаибашьцәа рҭыҧқәа рахь иҧхьаҵыр акәхеит. Ажәылара иалахәыз изларҳәо ала, усҟантәи амшқәа рзы иҭахаз еиҳа ирацәоуп, зыҧсы ҭаны иаанхаз раасҭа. Гәымысҭа инаркны Аҟәанӡа, аҧсуа архәҭақәа рзы ахаҵареи агәымшәареи, амчи ацәыӡи зцыз мҩаны иаанхеит. Хәажәкыратәи ажәылара даара ишәарҭаз, аха убри аан акрызҵазкуаз ҧышәараны иаанхеит ҳархәҭақәа рзы. Убас еиҧш азгәеиҭон Владислав Арӡынба ажәлар рахь иҟаиҵоз ааҧхьараҟны. Аҧсадгьыл ахьчара зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз Афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәымзааит, ргәалашәара ҳацуп.