ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

лаҵарамза 27-28 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны иаҧҵаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, лаҵарамза 27-28 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара. Алахәылацәа хьаҵра ҟамҵакәа ахраҿа агаразы еиндаҭлон, аиааира азынхеит ашьапылампылтә гәыҧ «Репатриациа», агәыҧ алахәылацәа азыҟаиҵон Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩ Матуа Ҭемыр. Аиааира згаз, рнаҩс аицлабра алахәылацәа дрыдныҳәало Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Багаҭелиа Асҭамыр иазгәеиҭеит аспорт азҟазара аҭыҧ шыҳараку, иагьырзеиӷьеишьеит зегьы ҧхьаҟатәи ақәҿиарақәа.