Ҧхынгәымза 23 рзы, Черқьесск ақалақь, акультуреи аҧсшьарҭеи ирызку абаҳча "Адгьылбжьаха иаҵәа" аҟны имҩаҧысит Абаза жәлар ркультура амш иазкыз аусмҩаҧгатә. Ахәылбыҽха, еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан анапҟазацәа рцәыргақәҵақәа, абаза бызшәала ирыҧхьон ажәеинраалақәа, ахәыҷқәа рзы иазгәаҭан авикторина, иреиҭьу амилаҭтә маҭәазы аицлабра. Иара убас, абаҳчаҟны ицәырган амилаҭтә чысхкқәа. Еизаз рҿаҧхьа иқәгылеит абаҩхатәра злоу Ҟарачы-Черқьесски Аҧсны Аҳәынҭқарреи рартистцәа.
Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара ззиуа Аҧснытәи аделегациа.