ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҳџьынџьуаа злахәу аҧхынтәи алагерь " Ахьышьҭрахь" рыҧсшьаратә мшқәа ирыцҵоуп

Ҳџьынџьуаа злахәу аҧхынтәи алагерь " Ахьышьҭрахь" рыҧсшьаратә мшқәа ирыцҵоуп. Иацы, урҭ аҭааит Аҧсны аҭыҧ ҧшӡарақәа ируакәу - Риҵа аӡиа. Иара убас, урҭ ирыман алшара Аӡҭачы иаҵәа абара аӡхыҽҽа аҭаара, агәаҭарҭатә ҭыҧқәа рҟынтәи Аҧсны аҧсабара агәылаҧшра. Ирбаз-ираҳаз зегьы акыр ихнахит, иагәыланахалеит.
Аҳәаанырцәынтәи Аҧсныҟа иааз ҳџьыынџьуаа рхыҧхьаӡара 98-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьтә 45-ҩык Ҭырқәтәылантәи иаақәаз, Ливанынтәи 17-ҩык, Иорданиантәи 11-ҩык, Ҟарачы -Черқьесскынтәи 25-ҩык.