ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Нанҳәамза 30 ҳџьынџьуаа ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа рыҭан

Нанҳәамза 30, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа рыҭан.
24 уада рахьтә - 15 уада ҩҿык рыла ишьақәгылоуп, иҟоуп ҿык змоу жәуадак. Арепатриантцәа ауада ҿыцқәа рыҭоуп хеихагылакны иҟоу аҩнаҟны Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан.
Ауадақәа зауз рхыԥхьаӡара аҟны иҟоуп 1992ш.-1993ш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа, Аԥсны Афырхацәа, иара убас Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа. Ауадақәа зауз рсиаҟны иарбоуп 2012 ш. рзы Шьамтәылантәи иааз ҳашьцәа, иахьа уажәраанӡа қьырала ауадақәа ирыҩназ, урҭ рхыԥхьаӡара ԥшьба-хәба ҭаацәара рҟынӡа инаӡоит. Абри аҩнаҟны ауадақәа роуит хҩык инареиҳаны ахшара змоу, зхала зхәыҷқәа зааӡо анацәа, зыԥшәмацәа зыԥсҭазаара иалҵхьоу. Иҟоуп иара убас, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟны аус зуа ҳашьцәа, урҭгьы аҭаацәара иалоу, ҩыџьа ахшара иреиҵамкәа измоу. Ахшара рацәа змоу аҭаацәара, категориала иаҵанакуа роуп зегьы. Зыӡбахә ҳәоу аҭаацәарақәа , шықәсқәак раахыс Аԥсны қьырала ауадақәа ирыҩнан. Иҟан зхатә харџь ала изшәақәоз, иҟан иара убас арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы апрограмма иашәоз.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҳәынҭқарратә еилазаара "Аԥсныргылара" ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ԥхынгәымза 16, ҳазҭоу ашықәс азы, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахархәарахь иаҭан Маҷара ақыҭан игылоу ауада рацәа змоу аҩны. Аԥхьаҟа ас еиԥш иҟоу аргыларатә усқәа еиҭазгәаҭоуп.
Аҩнеихагыла акәзар, ҳаамҭа иақәшәоу ахархәагақәа рыла еиқәыршәоуп, анхаразы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥнаҵоит.