ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ҳџьынџьуаа рхы аладырхәуеит аҧсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку ареспубликатәи жәларбжьаратәи атурнир

Иахьа, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟынтә зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны иҟоу ҳџьынџьуаа рделегациа ашәҭқәа шьҭарҵеит Алада Ешыра ақыҭан Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын аҟны, Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи ргаразы Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҳҵеицәа ргәаладыршәеит.
Ҳџьынџьуаа рхы аладырхәуеит аҧсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку ареспубликатәи жәларбжьаратәи атурнир.
Анаҩс, астадион "Динамо" аҟны имҩаҧысит жәларбжьаратәи атурнир аартра. Аҧсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иалахәуп Аҧсны араионқәа зегьы рҟынтә акомандақәа, иара убас Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рыла ишьақәгыло акоманда.
Аиҧылара аартуа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа атурнир алахәцәа ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа, ахәмарра ласы. Иара убас иазгәеиҭеит, ҳџьынџьуаа ари атурнир иахьалахәу аҵак ду шамоу, аҧсуа диаспора рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара аус аимадара арӷәӷәара ишацхраауа.
Атурнир еиҿыркааит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза аконгресс, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы. Атурнир мҩаҧысуеит цәыббрамза 6-нӡа.