ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ихыркәшоуп аҧсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" ареспубликатә жәларбжьаратә турнир

Цәыббрамза 6, ихыркәшан  аҧсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" ареспубликатә жәларбжьаратә турнир. Уи иалахәын Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟынтә ҳџьынџьуаа.
Афиналтә хәмарраҟны Ҭырҭәтәылантәи аҧсуа диаспора злахәыз акоманда аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит, Ҷлоу ақыҭа акоманда аҧыжәара агеит, актәи аҭыҧ ааннакылеит. Абасала, ихыркәшахеит аҧсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" жәларбжьаратәи атурнир. Аиашьареи, аиҩызареи, аимадареи, аҧхьаҟагьы аҿиара бзиа аиуааит аспорттә хырхарҭала.