Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, есышықәсатәи апроект "Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл аҟны аҵара дырҵара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ауниверситет абазаҟны еиҿкаауп арепатриантцәа аҧсуа бызшәеи аурыс бызшәеи дырҵаразы аҽазыҟаҵаратә кәрсқәа. Қәҿиарала акәрсқәа ирхысыз зегьы алшара рымоуп абиуџьеттә шьаҭала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара рҵарц, иара убас ауниверсит азеиҧш нхарҭаҿы аанкылара.
Апрограмма алахәцәа ирызшәахоит астипендиа. Аҵараҟны ибзианы зхы аазырҧшыз ҳџьынџьуаа ирызшәахоит Омар Беигәаа ихьӡ зху астипендиа, уи шьақәнарӷәӷәеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы. Апрограмма афинанстә цхыраара анаҭоит арепатриациазы аҳәынҭқарратә фонд.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит "Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл аҟны аҵара дырҵара" апрограмма адгылара азҭаз ААУ аректор, академик, апрофессор Алеко Гәарамиа, иара убас жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы ААУ апроректор Мақсим Ӷәынџьиа.