ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

цәыббрамза 30 - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи ирныҳәоуп

цәыббрамза 30 - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыҧшымреи ирныҳәоуп.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы аҧсуа жәлар аӡәк еиҧш еицҿакны, рымчқәа еилаҵаны ирылдыршеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа бџьаршьҭыхла рҿагылара. Урҭ иарӷьажәҩаны ирывагылеит Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаҧхарала еибашьра иааз ҳашьцәа, аҳәаанырцәынтәи ҳџьыньуаа, иара убас милаҭ рацәала Аҧсны алахьынҵа гәыҵхас измаз ауаажәларра. Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырҧашьа змам аҧсҭбарақәа. Зықьҩыла ҳҵеицәа ҳиааиреи, ҳхьыҧшымреи, ҳкақәиҭреи рыҧсҭазаарақәа ахҭнырҵеит. Иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара лаша ҳацуп. Иахьа зыҧсы ҭаны иҳалагылоу аибашьра аветеранцәа рҿаҧхьа ҳхырхәоит. Абас еиҧш аҧсуа гәаӷь зызҭаны афырхацәа зааӡаз анацәеи абацәеи ҭабуп идуӡӡаны ҳәа раҳҳәоит. Адунеи аҿы ахааназы еибашьра ҟамлааит, еизҳауа абиҧарақәа рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы ихьӡырҳәагахааит. Ҭаацәа-ҭаацәала анасыҧ лашеи, аизҳазыӷьареи, шәнапы злаку аусқәеи рҿы аихьӡарақәа шәзеиӷьаҳшьоит. Нырцәи-аарцәи инхо аҧсуаа зегьы ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҧшӡа наунагӡа ҳаҧшәымацәаны ҳҟалааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!