ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Иорданиа инхо аҧсуа диаспора иҟарҵаз ааҧхьарала, Аҧснытәи аделегациа усуратә визитла Иорданиа-Хашимиттәи акралра иаҭааит

Абҵарамза 1 азы имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара "Диуан Абаза" ахаҭрнакцәеи аҧсуа делегациеи аофициалла реиҧылара. Ауаажәларратә еиҿкаара "Диуан Абаза" напхгара аиҭоит ҳџьынџьуаҩ Азидин Ажьиба. Аизара рхы аладырхәит зыӡбахә ҳамоу аиҿкаара анапхгара, аусбарҭа аҳәаақәҵаҩцәа, иара убас уи алахәцәа. Аиҧылара алагамҭазы асасцәеи аҧшәмацәеи еибадырит. Анаҩс, ажәахә ҟаиҵеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Иқәгылараҟны ҭабуп ҳәа реиҳәеит ааҧхьара рызҭаз зегьы, дырзааҭгылеит аҧхьаҟатәи аимадара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы азинхьчара-еиҿкааратә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәлиа, арепатриациазы афонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Џьынџьал, Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
Аиҧылара ахырқәшамҭазы "Диуан Абаза" анапхгареи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.