Абҵарамза 2 рзы, Иорданиа имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи ачерқьесстә еиҿкаара "Адыга-Хасе" анапхгареи алахәцәеи реиҧылара.
Аҧсуа делегациа злахәыз аиҧылара рхы аладырхәит аиҿкаара анапхгаҩы Ибрагим
Исхакат, акомитетқәа рструктуратә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа. Ирзааҭгылеит аиҿкаара аҿаҧхьа иқәнаргыло ауснагӡатәқәа рхықәкы, ачерқьесс диаспора реидкыларазы инанагӡо аҵакы, аструктура афинанстә цхыраара шымҩаҧысуа атәы, иара убас, Иордниа инхо ҳџьынџьуаа иаадырҧшуа ацхыраара. Анаҩс, ажәа иман Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Иара иазгәеиҭеит Аҧснытәи аделегациа Иорданиа рҭаара иамоу аҵакы. Аиҧылараҟны инаҵшьны ирылацәажәеит Иорданиа инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, урҭ рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара уҳәа, хырхарҭа рацәала азҵаарақәа жәпакы. Аиҧылара ахыркәшамҭазы аделегациа анапхгаҩи ауаажәларратә еиҿкаара "Адыга Хасе" аиҳаби агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
Аԥснынтәи аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы азинхьчара-еиҿкааратә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәлиа, арепатриациазы афонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Џьынџьолиа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.