Абҵарамза 3 рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа напхгара ззиуа Аҧснытәи аделегациа аҭааит апринц Хамза ихатәы Черқьесстә школ. Уи афинанстә цхыраара анаҭоит ауаажәларратә еиҿкаара "Адыга-Хасе". Ашкол аҟны аҵара рҵоит ачерқьесс хылҵшьҭрақәа иреиуоу 1000-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа. Уаҟа еиҿкаауп ачерқьесстә цәа зыҟәну еиуеиҧшым акружокқәа. Ари аҭыҧ аҟны иҟоуп ашколқәранӡатәи ахәыҷтәы хыбра. Аушьҭымҭатә хәылҧазқәа ракәзар, амилаҭтә гьама аҭаны имҩаҧыргоит, аушьҭымҭацәа зегьы амилаҭтә форма ршәуп. Ус еиҧш иҟоу аҭахрақәа аанарҧшуеит ашкол анапхгара, ауаажәларратә еиҿкаара "Адыга-Хасе" ала ишьақәырӷәӷәоуп. Аҧснытәи аделегациа алшара рыман шәышықәсала атәым ҳәынҭқарраҟны, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа ихьчаны иаарго ачерқьесстә қьабзқәа рбара.