Гәылрыҧшьтәи араионтә еизара иаднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Ҵабал ақыҭа иҟоу Абааштә мҩа ахьӡ ҧсахны рыхьӡ ахҵоуп аишьцәа Маршьанаа. Уаҟа ишьақәыргылахоит аишьцәа Мамдыхәыи Уалиди Маршьанаа рыӡбахә зҳәоу аинформациатә стенд, аҧсышәалеи урысшәалеи аҩыра анҵаны.
Аишьцәа Маршьанаа ирыбзоураны, дара ахьынхоз Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны Аҧсынтәыла ахьӡ ӡырган, урҭ рымч-рылша рыуаажәлар рымаҵ аура иазкын, рмилаҭтә хдырра аиқәырхара иашьҭан. Мамдыхә Маршьан, Шьамтәылатәи арратә ҳаиртә мчраҿы аус иуан. Иара дҭархан аҳаиртә мчрақәа рыштаб хада аҟны имҩаҧгаз атерракт иахҟьаны, данҭаха ашьҭахь, аинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵахеит. Ар рҧыза Уалид Маршьан иакәзар, деинралын, ихыҧша акыр идуун, иажәа акрыҧхылнадон. Гәыблыла зыжәлари зыҧсадгьыли ирызхьаҧшуаз аишьцәа Маршьанаа, рыхьӡ-рыҧша наунагӡа хашҭра ақәым.