ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аҧснытәи аделегациеи Каир ақ. аҟны инхо "Абаза" хылҵшьҭра еиуоу ҳџьынџьуааи реиҧылара мҩаҧысит

Аҧснытәи аделегациеи Каир ақ. аҟны инхо "Абаза" хылҵшьҭра еиуоу ҳџьынџьуааи реиҧылара мҩаҧысит.
Аиҧылара даара аҧхарра аҵаны еиҿкаан. Аделегациа анапхгаҩы Вадим Ҳаразиа, ҳџьынџьуаа ирзеиҭеиҳәеит Египетҟа раара хықәкыс иамоу. Ицәажәараҟны иазгәеиҭеит, Египет иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнаки дареи шеиҧылаз, хра злоу азҵаарақәа ишырзааҭгылаз ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара аус аҟны, аимадара рыбжьаҵараҟны. Иара убас иазгәеиҭеит, Каир инхо ҳџьынџьуааи Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки аҧхьаҟатәи реимадара аус аҟны иуасхыр бзианы ишыҟало, ишхымҧадатәиу Каир ақ. Аҧсуа культуратә центр аҧҵара, аҧсуа диаспора милаҭк аҳасабала рхеиқәырхаразы. Аиҧылара иалахәыз аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа ари аҩыза аҧшьгара гәахәала ирыдыркылеит.
Аиҧылара ахыркәшамҭазы Аҧснытәи аделегациа ҳџьынџьуаа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранаршьеит, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ, ҳмилаҭтә банк иҭнажьуа абанкнотқәа, раҧхьа иарҭо абираҟ асахьа змоу адыргақәа.
Иахьа ихыркәшахеит аҧсуа делегациа Египет рыҟазаара. Абҵарамза 7 рзы, аделегациа рымҩа дырхоит Сҭампылҟа, уаҟа иазгәаҭоуп аиҧыларақәа жәпакы, урҭ рхыҧхьаӡараҟны Урыстәылатәи Афедерациа Аконсулра Хадаҟны аиҧылара. Иара убас, Бандырма ақ. ахада Дурсун Мирза иҟаиҵаз ааҧхьара инақәыршәаны, иара абри ақ. аҟны еиҿкаахоит аҧхарра зцу адкылара.