ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Абҵарамза 8 рзы, Бандырма ақалақь ахада Дурсун Мирза иҟаиҵаз ааҧхьарала, имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациа рҧылара

Абҵарамза 8 рзы, Бандырма ақалақь ахада Дурсун Мирза иҟаиҵаз ааҧхьарала, имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациа рҧылара
Аиҧылаоа иалахәын 30-ҩык инареиҳаны Бандырма ақ. аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара зҵо Аҧснытәи астудентцәа. Дурсун Мирза, иан лхылҵшьҭра убыхқәан, иара Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу тәылауаҩны дыҧхьаӡоуп.
Дурсун Мирза иааҧхьарала, изныкымкәа аҧсуа хореографиатә коллективқәа Бандырма ақ. аҟны имҩаҧысуаз акультуратә усмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәхьеит. Уаҟа аҵара зҵо Аҧснытәи астудентцәа иҷыдоу ахаҵгылара рзиуеит, илаҧш рхуп. Аиҧылараҟны астудентцәа ауниверситет аҟны рҵара апроцесс шымҩаҧысуаз рҳәеит, аделегациа анапхгаҩы Вадим Ҳаразиа адырра ирҭеит аҳәаанырцәтәи ауниверситет аҟны даара гәахәала ишрыдыркылаз, ақалақь анапхгара аҟынтә ацхыраара шроуа. Аиҧылара аҧхарра аҵаны имҩаҧысит.