ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Ԥхынҷкәынмза 16, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны имҩаҧысит зыҧсҭазаара иалҵыз Кавказ Аҭрышба игәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатә

Ԥхынҷкәынмза 16, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны имҩаҧысит изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аҧсны Афырхаҵа, аруаҩ , ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаҩ, Кавказ Аҭрышба игәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатә.
Уи рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки афонди русзуцәа, Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Аҧсны Атәылахьчара Аминистирреи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, ауаажәларратә усзуцәа, ҳџьынџьуа, Кавказ Аҭрышба иҩызцәа, иҭынхацәа, иара убас дыздыруаз .