Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны инхо гәыҧҩык ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл Аҧсны иаҭааит.
Ажьырныҳәамза 22 , Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы иадҳәалоу О. Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурых иазку амузеи иаҭааит. Аҩны- амузеи адиректор Дмитри Габалиа аҭааҩцәа ирзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла инхоз аҧсуа диаспора инарылукаашаз, зыхьӡ нагаз ауаа хатәрақәа рыӡбахә, иреилиркааит аҧсуа диаспора рҭоурых-культуратә ҭынха абеиара.