ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

Аԥсны аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи Раԥхьатәи Ахада ифонд аҟынтәи зыхә ҳараку аекспонатқәа рыла ихарҭәаахеит.

Аҧсны Раҧхьатәи Ахада ифонд, О. Беигуаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурых амузеи ҳамҭас ианаҭеит В. Арӡынба иҧсҭазаареи, иҭҵаарадырратә, иполитика-ҳәынҭқарратә усзуреи зныҧшуа ашәҟәқәа, альбомқәа, ақьаадҽыҭқәа. Аҳамҭақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп Аҧсны Раҧхьатәи Ахада иусутә уада аҟнытә аҟәардә. Арҭ зегьы уажәшьҭа, аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурых азы експонатқәоуп. Иаарласны аҭааҩцәа дырбара иазырхиахоит.
Иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит Аҧсны Раҧхьатәи Ахада ифонд аиҳабы Светлана Ирадион-иҧҳа Џьергьениаҧҳа, убасгьы афонд аусзуҩцәа зегьы.