01
02
03
04
05
06
Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы алаҳәара ҟанаҵоит, Ҭырқәтәыла иреиҳаӡоу Анатолиатәи аҵараиурҭахь абитуриентцәа рхыԥхьаӡаларазы адкылара шаарту.

Лаҵарамза 21рзы 157 шықәса ҵуеит шәышықәса инареиҳаны ицоз Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Аибашьра зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, ҳхылҵшьҭрақәа рзы акыр иԥышәагахеит. Акыршықәса иҟаз ахҭысқәа ирхырҟьаны, аԥсуа жәлар еиҟәшахар акәхеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхази, мчымхарыла инзыжьызи ҳәа.

Иахьа, лаҵарамза 17, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс  ахаҭарнакцәеи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи реиҧылара.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахадеи, аиҳабыра егьырҭ ахаҭарнакцәеи реиԥылара.

Рамадан аныҳәа

13 Лаҵара 2021

Ҳаҭыр зқәу аҧсылман динхаҵаҩцәа, ҳџьынџьуаа! Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит иҧшьоу Рамадан аныҳәа ахыркәшара. Ҳазшаз илҧха шәыцзааит, илаҧш шәхызааит, ҭаацәацыҧхьаӡа шәыҩнаҭақәа лашазааит, агәырӷьа-ччара агымзааит. Шәыҧсадгьыли шәыуаажәлари шәрыгымзааит. Ҽааныбзиала, ҽааныҧшӡала шәнеиааит!

Аҧсны атәылауаа Ковид-19 аҟынтә авакцинациа рзура иалагоит "Спутник V"  апрепарат ала лаҵарамза 12 инаркны. Абри атәы иҳәеит арадио Спутник Аҧсны аефир ала Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Ҩардан.

Урыстәылатәи авакцина "Спутник  V" раҧхьатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааган мшаҧымза 30 рзы, 6, 5 нызқь доза.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр иаҭаразы
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ изы.

Аԥсылманцәа иԥшьоу рныҳәа Рамадан аҳаҭыразы, Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә Фонд «Türkiye Diyanet Vakfı» Аԥсныҟа агәыҳалалратә цхыраара аанашьҭит, уи хықәкыла зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ирызкуп.

Мшаԥымза 16 рзы, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала, Аҟәа араион иаҵанакуа Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аҟны имҩаԥысит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра фырхаҵарыла ианысыз ҳџьынџьуаҩ, Леон орден занашьоу Алԥер Бганба ишәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» аӡыргара.

Мшап,ымза 15 рзы ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә п,садгьыл ахь рыхынҳәразы аҳәынқарратә еилакы  аҟны имҩап,ысит  ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы Ап,сны иҟоу Даттәи Ахеилак ахаҭарнакцәа рп,ылара.