+7840 226 - 28 - 58
info@repatriatera.org
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аҧшьгарала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысыз "Ачыс хаақәа рныҳәа" ихы алаирхәит Ҭырқәтәылантәи жәохә шықәса раҧхьа Аҧсныҟа нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ Озқан Хәаҧшыхә.
"Аслан Бжьаниа авизит алҵшәа бзиа атәы дазааҭгылауа иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи аҧхьаҟатәи ганрацәалатәи русеицура феида злоу аныра шанаҭо.
Аурыс-Кавказ еибашьра иахҟьаны а-19-тəи ашəышықəсазы Кавказ ажəларқəа аӡəырҩы мчымхарыла рыҧсадгьыл иахган. Урҭ рахьтə аӡəырҩы амҩан рыҧсҭазаара иалҵит, иҟоуп атəым дгьыл аҟны иҧсқəазгьы.
Лаҵарамза 25 рзы Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ҳџьынџьуаҩ Олег Етлухов Жәларбжьаратәи алитературатә премиа ианашьара мҩаҧысит.
Есышықәсеиҧш сынтәагьы Аҧсны аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы, Аурыс-Кавказ еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит.
Аҧсны Ахада дырҧылеит Уалид Маршьан иҭаацәа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, Шьамтэылатәи Ар аинрал-маиор, аҧсуа диаспора ахаҭарнак. Аҳәынҭқарра Ахада Маршьанаа рҭаацәа рахь днеиаанӡа, аинрал игәалашәара аҳаҭыразы иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳауаажәлар ргәалашәара иазкны Аҟәа ақалақь Амшын Еиқәа аҿықә аҟны игылоу абаҟаҿы иаартуп афотоцәыргақәҵа.
Лаҵарамза 21рзы 157 шықәса ҵуеит шәышықәса инареиҳаны ицоз Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Аибашьра зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаарақәа агеит, ҳхылҵшьҭрақәа рзы акыр иԥышәагахеит. Акыршықәса иҟаз ахҭысқәа ирхырҟьаны, аԥсуа жәлар еиҟәшахар акәхеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхази, мчымхарыла инзыжьызи ҳәа.
Иахьа, лаҵарамза 17, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны имҩаҧысит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи реиҧылара.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахадеи, аиҳабыра егьырҭ ахаҭарнакцәеи реиԥылара.
Ҳаҭыр зқәу аҧсылман динхаҵаҩцәа, ҳџьынџьуаа! Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит иҧшьоу Рамадан аныҳәа ахыркәшара. Ҳазшаз илҧха шәыцзааит, илаҧш шәхызааит, ҭаацәацыҧхьаӡа шәыҩнаҭақәа лашазааит, агәырӷьа-ччара агымзааит. Шәыҧсадгьыли шәыуаажәлари шәрыгымзааит. Ҽааныбзиала, ҽааныҧшӡала шәнеиааит!
Аҧсны атәылауаа Ковид-19 аҟынтә авакцинациа рзура иалагоит "Спутник V" апрепарат ала лаҵарамза 12 инаркны. Абри атәы иҳәеит арадио Спутник Аҧсны аефир ала Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Ҩардан.
Урыстәылатәи авакцина "Спутник V" раҧхьатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааган мшаҧымза 30 рзы, 6, 5 нызқь доза.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр иаҭаразы
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ изы.