+7840 226 - 28 - 58
info@repatriatera.org
Жьҭаарамза 11, 1992ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раҧҵаразы. Ари арыцхә аофициалла Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа анаҧҵаз иамшуп ҳәа иҧхьаӡоуп - Аҧсуа Архәҭақәа ирирамшуп. Аҧсны Арбџьар Мчқәа раҧҵаразы Аусҧҟа ҭыжьын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Аҧсадгьыл Ахьыҧшымразы ажәылара ӷәӷәақәа анцоз еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Арбџьар Мчқәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра аиқәырхара иагарантуп. Убри аҟынтә Аҧсуа Ар арбџьареиқәыршәара ҳаракы амоуп, иара иахьыҧшуп аҳәынҭқарреи амилаҭи рлахьынҵа. Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Атәылахьчара аминистрра анапаҿы иҟоуп, ахадаратә усбарҭақәа рыла ишьақәгылоуп, адгьылмҩатә архәҭақәа, арра-ҳаиртә мчқәа, арра-мшынтә мчқәа рыла иҳәаақәҵоуп. Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа аҭагылазаашьақәа зегьы амоуп ҳҳәынҭқарра акзаареи ашәарҭадареи рыхьчаразы, амилаҭтә интересқәа рыдгылара хымҧада иазыхиоуп. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа рымш аҧҵара рыдныҳәалауа, Аҧсуа архәҭақәеи ҳтәыла ауаажәларреи аҭынч ҧсҭазаара рзеиӷьаршьоит.
Жьҭаарамза 2 рзы Иорданиа аҳҭнықалақь Амман иазгәаҭаз Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза" ахантәаҩы иалхрақәа рахь, Иорданиа инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ааҧхьарала уи рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа.
Аҧснынтәи 13-ҩык астудентцәа Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалаз рдыррақәа реизырҳазы ари атәыла иаҭааит. Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациеи русеицурала, рашәарамза 2 рзы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит аилыҧшааратә тур, 29 рзаҳал аҟынтә, 21-ҩык қәҿиарала аҧышәарақәа ирхысит, еиуеиҧшым азаанаҭқәа рыла Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит.
13-ҩык астудентцәа уажәазы Ҭырқәтәыла иҟоуп, лассы аҵаратә процесс иалагоит.
Астудентцәа ракәзар ргәалаҟазаара бзиоуп. Ҭырқәтәыла урҭ ирзыҧшын адкылара бзиа.
Иахьа, ҳҳәынҭқарраҿы иазгәарҭоит Аҧсны аҭоурых ҿыц адаҟьақәа ирнылаз аҵак ду змо аныҳәа ду.
Апартиа "Ватан" аҭааит аҧсуа культуратә центр, уаҟа адернеқь еиҳабыс деиҭалхуп Ҳасан Қардиа ( Қонџьа). Аделегациа аилазаараҟны иҟан апартиа "Ватан" аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, астратегиатә центр аусзуҩы Утку Реиҳан, ақалақь ахада Иалчын Арслан, уи ихаҭыҧуаҩ Ведаҭ Олгкнтиурк, амаӡаныҟәгаҩ хада Себаҳаҭ Чичоглу.
Аиҧылараҟны ирылацәажәан адунеитә еилазаараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра азхаҵара иадҳәалаз азҵаатәқәа. "Амшынеиқәа-Адгьылбжьарамшынтә еиҩызареи апартиа Ватан аҭынчратә плани" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, 2019 ш. ҧхынҷкәынмза 17 рзы, " Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара адәныҟатәи аполитиказы аилаки ҭырқәтәылатәи апартиа "Вататани" рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.
Апартиа "Ватан" аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Реиҳани, ақалақь ахада Арслани инаҵшьны иазгәарҭеит адунеи аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәеи, иара убас атәыла аҿиараҟны апартиа ҭыҧс иааннакылои ртәы. Зегь раҧхьа иргыланы, Ҳасан Қардиа идырныҳәалеит аҧсуа культуратә центр еиҳабыс ҿыц дахьеиҭалырхыз, иусураҿы аихьӡарақәа изеиӷьаршьеит.
Аҧсуа куьтуратә хеидкыла ахада даара ҭабуп ҳәа реиҳәеит апартиа "Ватан" ахада Догу Перинчек аҧхьа днаргыланы иаадырҧшуа азҿлымҳаразы, Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵаразы имҩаҧырго аусуразы, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рала ҩтәылак реимадареи русеицзуреи арӷәӷәараҟны рҽазышәаразы. Иара убас, иазгәеиҭеит аҧсуа культуратә центр рҭаара аҵак ду шамо.
Аиҧылара даара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Апартиа "Ватан" аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Утку Реиҳан ҳамҭас Ҳасан Қардиа ианеишьеит Догу Перинчек авторс дызмо ашәҟәы, иара убас апартиа ахада инапы зҵаҩу ақьаадқәа рзы апапка.
Нанҳәамза 20 инаркны 22-нӡа Улиановск ақалақь аҟны имҩаҧысуеит стрит-арт афестиваль "Контур", уи ажәабатәи архитектуратә фестиваль иахәҭакуп. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Кадыр Дурсун-иҧа Тәанба афестиваль далахуп стрит-арт асахьаҭыхҩы иаҳасаб ала, ауснагӡатә ахадаратә локациаҿы.
Кадыр, жәбаны еихагыло аҩны аҭӡы аҭыхра нап аиркхьеит, ихыркәшахоит нанҳәамза 22-нӡа, анаҩс аицлабра аихшьаала ҟаҵахоит.
Ҳарҭ даара ҳазҿлымҳауп Афестиваль аусура, ҳџьынџьуаҩ иакәзар аманшәалара изеиӷьаҳшьоит.
Есышықәса нанҳәамза 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. Ишдыру еиԥш, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит 1992 шықәса, нанҳәамза 14 рзы, адырҩаҽныҵәҟьа Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтә ҳтәыла иаҭааит раԥхьатәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз арԥарцәа ргәыԥ.
1992 шықәса, нанҳәамза 14 Аԥсны аҭоурых ҿыц адаҟьақәа зегь реиҳа ишьаарҵәыратәу рыцҳәны ианхалоит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра-ари 413 мшы фырхаҵарылеи агәаӷьра зцыз ахҭысқәеи рыла иҭәыз аамҭоуп, Аԥсныжәлар риааиреи, рхақәиҭреи, рхьыԥшымреи ахьӡала ауаатәыҩса рыԥсҭазаарақәа зыхҭынҵаз.
Ари амш аҽны, 29 шықәса раԥхьа, Ҭенгиз Қьеҭовани напхгара зиҭоз Қырҭтәыла амилаҭтә гвардиа архәҭақәа аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аибашьра иалагеит. Раԥхьа Аԥсны иақәлаз ҳаӷацәа рхыԥхьаӡара ҩнызқьҩык рҟынӡа инаӡон, аибашьыгатә кәылӡтәы техника акәзар 58 инареиҳан, иара убас имаҷмызт артиллериа. Абас еиԥш иалагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра , имҩасуан 413 мшы, апсуа жәлар Аиааира ргеит 1993 шықәса, цәыббрамза 30 рзы.
Аибашьратә хҭысқәа ирылахәын 12 нызқьҩык инареиҳаны. Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, 2700-ҩык ҭахеит, 5000-ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит. 200-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.
Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы аԥсуа жәлар ирыдгыланы хатәгәаԥхарала еибашьуан Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҟынтәи ҳашьцәа, Алада Урыстәылантә, иара убас аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы инхоз ҳдиаспора.
Алахьеиқәҵаратә амш аҽны рҿаԥхьа ҳхырхәоит агәаӷьра аарԥшны фырхаҵарыла ҳаӷа иабашьуаз, рхатә ԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны Аԥсны Аиааира азаазгаз зегьы.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы апрограмма шьақәнаргылеит аҳәаанырцәынтәи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало ҳџьынџьуаа астудентцәа рзы.
Аҵара аҿҳәара иалырхуа афакультет иахьыҧшуп, хымҧада уахь иаҵанакуеит аҽазыҟаҵаратә курсқәа. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аҵара ахәҧсеи, ауниверситет иаҵанакуа азеиҧшнхарҭа ахәҧсеи ахахьы иагоит, иара убас зҽалызкааз астудентцәа астипендиа рызнашәоит.
Афакультетқәа рыхьӡқәа: афизика-математикатә, абиологиа-географиатә, аҭоурыхтә, афилологиатә, азиндырратә, аекономикатә, арҵаҩратә, агроинџьныртә, аҟазара аҟәша.
Ихаҭәаау аинформациа шәоурц шәылшоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аҟәшаҿы.
Аҭел: +7 940 995 49 95
Email: ext@repatriatera.org
Гагра араион активи адепутатцәеи раҧшьгарала Гагра ақалақь аҟны имҩаҧысит асасцәа злахәыз аиҧылара.
Уаҟа ирылацәажәан арепатриациа, адемографиа, аҧсуа бызшәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа. Аиҧылара ааиртит Гагра ақалақь араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц, ауаажәларратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы-кавказҭҵааҩы Гурам Гәымба, ауаажәларратә палата ахаҭарнак Едуард Қвираиа, аҭоурыхдырҩы Руслан Гәажәба, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Виачеслав Сақаниа, Гагратәи актәи абжьаратә школ адиректор Хана Гәымба, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа, аҳәынҭеилакы анхарҭатә ҟәша аиҳабы Денис Ҵәыџьба.
Аиҧылара алахәцәа инаҵшьны иазгәарҭеит ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны арепатриациа актуалра ҭыҧс иааннакыло. Ас еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа Аҧсны егьырҭ араионқәа рҟны иазгәаҭоуп.
Нанҳәамза 10 рзы Аԥсуа Аҳра амузеи аартуижьҭеи 11 шықәса ҵуеит. Афон Ҿыц ақалақь аҭоурых-культуратә баҳчаҿы иҟоуп ари амузеи аҭыӡҭыԥ. Шәага-загала идуум азалқәа еидыркылоит ибеиоу аекспозициақәа, Аԥсны акультура аҿиареи аҭоурыхи аазырԥшуа.
Аекспозициа еихшоуп атематикатә коллекциақәа рыла.
13 ш. раҧхьа аҭынч уааҧсыра рыҧсҭазаара аиқәырхаразы ибылуаз Цхьынвал ааныжьны «аҧсҭазаара амҩала» рҿанынарха, ақырҭуа архәҭақәа урҭ ирыхьӡаны аӡәаӡәала инарҿагыланы иреихсны иршьуан.
Иахьа ихацыркхеит Аҧсны Аҳәынқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаҧстәыла Ареспубликахь иофициалтә визит.
Ари авизит мҩаԥысуеит 2008 ш. нанҳәамзазы имҩаҧысыз ахҭысқәа ргәаларшәара инамаданы.
Аԥсуа делегациа Цхьынвалҟа амҩа ишықәыз имҩахыҵит иара убас Аҩадатәи Уааԥстәыла –Аланиа Ареспублика ашҟа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аофициалтә делегациа алахәцәеи 2004 шықәсазы Беслан ақ. ашкол аҟны иҟалаз атеррористтә акт аан иҭахаз ашколхәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи анышә иахьамадоу амемориалтә ԥсыжырҭа - «амаалықьцәа рықалақь» иаҭааит.
Шьыбжьышьҭахь Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа Аԥсны аделегациа Алада Уаԥстәыла Ареспублика иаҭааит.
Аԥсны Аҳынҭқарра аофициалтә делегациа абри ашьҭахь Алада Уаԥстәыла аҳҭнықалақь ашҟа – Цхьынвалҟа идәықәлеит.
Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рмузеи -икоммерциатәым акультура-ҵарадырратә еиҿкаароуп, ишьақәырӷәӷәан Аҟәа ақалақь аҟны Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы абзоурала.