01
02
03
04
05
06
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аномер 17 аҟны имҩаҧысит ҳџьынџьуаҩ Џьан Ашьхаруа дызлахәыз аусуратә еиҧылара. Џьан Ашьхаруа, Силивра аҵареи аҭҵаарадырреи рцентр еиҳабыс дамоуп, Ҭырқәтәыла згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы иҷыдоу аспорттә хкқәа рфедерациа директорс аус иуеит, иара убас ари аиҿкаара сҭампылтәи аҟәша напхгара аиҭоит. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҧхьаҟатәи аусеицуразы аилацәажәара мҩаҧыргеит. Аиҿкаара мҩаҧысит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи Аҧсны Жәлар Реизара адепутат, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи асоциалтә политикеи, иара убас аибашьра аинвалидцәеи аветеранцәеи рзы апарламеттә еилакы ахантәаҩы Рашида Аибеи рыбзоурала. Џьан Ашьхаруеи ацхыраагӡатә школ аколлективи, уи ааӡамҭацәеи, Аҟәа ақалақь аҵарадырра аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылҧҳаи аимадареи аусеицуреи ирызкыз азҵаарақәа ирзааҭгылеит. Ҳџьынџьуаҩ згәабзиара ҧку ахәыҷқәа Ҭырқәтәылаҟа ааҧхьара риҭеит аспорттә программақәа ирыдиҧхьаларц.
Убри анаҩс, Џьан Ашьхаруа ашкол ҳаамҭа иақәшәо арҵагатә планшетқәа Samsung ҳамҭас ириҭеит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара ҳџьынџьуаа иҭабуп ҳәа рарҳәоит еиуеиҧшым апроектқәа рынагӡара аҟны адгылареи ацхыраареи ахьаадырҧшуа.
Иахьа, абызшәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр "Аӡыхь" аҧхынтәи алагер иалахәу ҳџьынџьуаа рзы имҩаҧнагеит аҧсуа бызшәа арҵаразы иаарту аурок ахәмарратә методика ахархәарала. Иара убас, аҧхынтәи алагер аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар алшара рыман Аҟәа ақалақь амаамын ааӡарҭа абара. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара амаамынааӡарҭатә усбарҭа аколлектив иҭабуп ҳәа рарҳәоит иаадырҧшыз аҧхарра зҵоу адкыларазы.
Ишәгәалаҳаршәоит, сынтәатәи аҧхынра иалагӡаны ари ахҧатәи аҿар ргәыҧ шакәу Аҧсныҟа ҧсшьара иаауа. "Ахьышьҭрахь" иалахәу Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь аҟны рыҟазаара даара гәахәала ирыдыркылеит.
Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Афон Ҿыц иаҭааит. Аҿар аҭагылазаашьа рыман ақалақь аҭоурыхтә ҭыҧқәа лабҿаба абара, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Афонҿыцтәи аҳаҧы, иара убас амилаҭтә культуратә ҭынхақәа. Ас еиҧш аинтерес зҵаз аныҟәара, асасцәа даара гәахәарыла ирыдыркылеит.
Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсны зыҧсы зшьо аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аилазаара ишалоу 60-ҩык. Ихаҭәаау апрограмма злашьақәгылоу аусмҩаҧгатәқәа, хымҧада аҿар ргәалаҟазаара шьҭнахуеит, ахааназы ирхамшҭуа агәалашәарақәа рзыннажьуеит.
Аҧсны иаҭааз аҧшәмацәа хәыҷқәа, рыҧсадгьыл анапы ҳалалқәа гәыблыла ирыкәнаршеит.
Нанҳәамза 25 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» ахԥатәи агәыҧ аофициалла аусура хацнаркит. Уи иалахәуп
Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа ҧсшьара иааз ҳашьцәа хәыҷқәа. Дара Аҟәа ақалақь ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан, амҳаџырқәа рыхьӡала Амшын Еиқәа аҿықәан игылоу абаҟаҿы, иара убас Ешыра ақыҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориалтә комплекс иаҭааит.
Анаҩс, агәыҧ алахәцәа аҭааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, иара убас аботаникатә баҳча. Ҳџьынџьуаа зҭааз аҭыҧқәа зегьы рыҧшӡара акыр ихнахит.
Аҿар рхыҧхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Аҧсны рыҧсшьарамшқәа гәахәала ирхыргарц ақәҿиарақәа рзеиӷьаҳшьоит. Алагер аусура ҳәаақәнаҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.

Нанҳәамза 24 азы, аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ҳџьынџьуаа ражәақәа рыла, рыҧсадгьыл лабҿаба иахьырбаз ргәы азнарҳаит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аҧсны мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа ирҭаауеит, рыжәлантәқәеи дареи еибабоит, ргәалаҟазаара шҭызхуа, арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧшьгарала, есышықәса Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа ҧсшьара иаауеит аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» иалахәу ҳџьынџьуаа. Алагер ахԥатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааит нанҳәамза 23 азы. Ҳџьынџьуаа 60-ҩык ыҟоуп: урҭ рахьтә Аҧсуа культуратә центрқәа Рфедерациа 30-ҩык ыҟоуп, Кавказтәи акультуратә центрқәа Рфедерациа 30-ҩык ыҟоуп.
Апроект хықәкыс иамоуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, рҭоурыхтә ҧсадгьыл разхьарҧшра, агәыбылра абжьаҵара. Ҳџьынџьуаа ара рыҟазаара иалагӡаны алшара рымоуп Аҧсны аҭоурых, ҳмилаҭтә культура, ҳдоуҳатә беиарақәа рҭынха, аҧсуа жәлар рыбзазара уҳәа ҳҵас-ҳқьабзқәа лабҿаба рбара, рыжәлантәқәеи дареи реиқәшәара, реибадырра. Ҳашьцәа, бзиала шәаабеит шәыҧсадгьыл аҟны! Шәыҧсшьарамшқәа хирла имҩаҧыжәгааит!’ Мҩамш!
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идикылеит Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсны ҧсшьара иаан иҟоу аҿартә лагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа.
Аҧсны Ахада аҿар данрацәажәоз, иазгәеиҭеит:
"Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа, бзиала шәаабеит Аҧсынтәыла. Ҳара даара агәахәа алаҳхуеит аҧсуа жәлар аиааиреи ахьыҧшымреи рзаагаразы зхы иамеигӡаз ҳџьынџьуаа рабиҧара ҿа ара шәахьаҳбо. Иахьа, шәара аҭынч ҧсҭазаара аныҟоу аамҭазы шәааит, аҭоурых иахылҿиааз ҳаиҩызареи ҳаиашьареи арӷәӷәаразы. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳаҭырқәҵарыла аҭоурых шәахьазыҟоу, иҭахаз ргәалашәара ахьшәыцу. Агәра згоит, ас еиҧш иҟоу апроектқәа аҿар рыбжьара аимадара бзиа шыбжьанаҵо. Шәара, Аҧсадгьыл уаҵәтәи аҧеиҧш знапы иану шәоуп, аҵара бзианы ишәҵароуп, шәҵеицәа хьӡырҳәагақәаны шәҟалароуп. Аҧсны имҩаҧысуа шәыҧсшьарамшқәа шәхы-шәгәаҟны илашаӡа ишаанхо агәра згоит".
Аиҧылара иалахәыз Нхыҵ-Кавказтәи ҳашьцәа хәыҷқәа Ахада иааирҧшыз аҧхаррақ зцыз адкыларазы иҭабуп ҳәа иарҳәеит

Иахьа, аҧхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь - 2025» алахәцәа аҭааит ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал. Аныҟәарақәа ралагамҭаз ҳџьынџьуаа ашәҭқәа шьҭаоҵеит ҳаибашьцәа рмемориал аҟны. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аконцерт. Убри анаҩс, Нхыҵ-Кавказынтәи иаҳҭааз ҳашьцәа хәыҷқәа Тҟәарчал аҭоурыхтә ҭыҧқәеи аҧсабара аҧшӡарақәеи рбартә еиҧш аҭагылазаашьа рыман. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Аҟармаратәи аӡхыҽҽа. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит Тҟәарчал ақалақь аусбарҭа иаадырҧшыз азҿлымҳареи ахаҵгылареи рзы.

Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр «Аӡыхь», Нхыҵ- Кавказынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа рзы ахәмарратә методика ахархәарала аҧсуа бызшәазы иаарҭу аурок мҩаҧыргеит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, ацентр «Аӡыхьи», абар уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит азеиҧш проект аус адырулоижьҭеи, уи хырхарҭас иамоуп иаарласны аҧсуа бызшәа арҵара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳџьынџьуаа аҭааит Аҧсны абанк амузеи, уаҟа дара ирбеит аекспозициақәа, анаҩс Аҟәатәи абааш аҟны рныҟәарақәа хдыркәшеит.

 Аҧхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит Гал ақалақь. Аибадырратә ҟазшьа змаз аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿар ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рмемориалтә баҟаҿы. Ҳџьынџьуаа рзы акультура Аҩны аҟны еиҿкаан аконцерт, анаҩс дара аҭааит Галтәи аӡеизакырҭатә ҭыҧи , Агидрофымцамчтәы станциеи. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит Гал ақалақь администрациа ахаҭарнакцәа, алагер алахәцәа рзы еиҿыркааз ауснагӡатәқәа зегьы рзы.