01
02
03
04
05
06

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар рконгресс ахаҭарнакцәеи злахәыз аиҧылара мҩаҧысит. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан азеиҧш проектқәа жәпакы. Аконгресс ахаҭарнакцәа инарҭбааны иазааҭгылеит "Аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа" рпроект ахықәкы. Зегь раҧхьа иргыланы, ари апроект аҿар аспорттә қьабзқәа ирыднаҧхьалоит. Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны рыҟазаара иалагӡаны иаҧҵан 15-ҩык аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа злахәыз акоманда. 2024ш. цәыббрамза алагамҭазы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭаараны иҟоуп, аҧсуа милаҭтә хәмаррақәа ирызкны иазҧхьагәаҭоу атурнир рхы аладырхәырц. Иахьатәи аиҧылара аидеологиатә усурақәа рымҩақәҵара иазкын, иара убас Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ауаажәларратә еиҿкаара "Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза аконгресс" 2022ш. ҧхынҷкәынмзазы ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны русеицзура амҽхак аҽарҭбаауеит.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки аҳәынҭқарратә еилазаара "Аҧсныргылареи" ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахархәарахь иаҭан Гәылрыҧшь араион Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз аҩнеихагыла. Аҩны аргылара иадҳәалоу аусқәа зегьы ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәоит, анхацәа рзы аҭагылазаашьа бзиа аҧҵоуп.
Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа!
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы гәык-ҧсыкала ишәыдныҳәалоит аԥсылманцәа рныҳәа дуқәа ируаку Курбан-ныҳәа! Ари аныҳәа ҳара ҳмилаҭи адунеи иқәынхо ажәларқәа зегьи иаҳзаанагааит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара, аизҳаизыӷьара. Шәагымзааит гәыблыла ишәзыԥшу ҳаԥсадгьыл Аԥсынра! Ҳазшаз илԥхеи-игәаԥхеи еснагь иҳацзааит!

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны иаҧҵаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, лаҵарамза 27-28 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара. Алахәылацәа хьаҵра ҟамҵакәа ахраҿа агаразы еиндаҭлон, аиааира азынхеит ашьапылампылтә гәыҧ «Репатриациа», агәыҧ алахәылацәа азыҟаиҵон Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩ Матуа Ҭемыр. Аиааира згаз, рнаҩс аицлабра алахәылацәа дрыдныҳәало Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Багаҭелиа Асҭамыр иазгәеиҭеит аспорт азҟазара аҭыҧ шыҳараку, иагьырзеиӷьеишьеит зегьы ҧхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

Лаҵарамза 21 рзы 160 ш. ҵит Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Аибашьра иалаӡит зықьҩыла ҳауаажәлар, аҧышәара ӷәӷәа аамҭа иҭанаргылеит ҳхылҵшьҭрақәа аӡәырҩы. Ас еиҧш иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс аҧсуа жәлар нырцәи-аарцәи ҳәа еиҟәнашеит, иҟоуп зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхақәаз, иҟоуп зыҧсадгьыл иаҟәыгақәазгьы. Ҭырқәтәылаҟа иагаз аубых хылҵшьҭрақәа 45 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон, асаӡқәа ракәзар - 20 нызқьҩык инареиҳаны. Азеижәтәи ашәышықәса аамҭа иалагӡаны Аҧсынтәыла аанрыжьыр акәхеит 400 нызқьҩык рҟынӡа ауаа. Есышықәсеиҧш сынтәагьы амҳаџьырқәа рыхьӡала Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы игылоу абаҟа амҵан еизеит атәыла анапхгара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашкол аҵаҩцәа, астудентцәа, арепатриантцәа, ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар ргәаладыршәарц. Абри амш аҽны, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилаки, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза жәлар Рконгресси, Аҟәа амшын аҧшаҳәаҿы еицымҩаҧыргоит агәаларшәагатә уснагӡатәқәа. Аофициалла аусмҩаҧгатәқәа хацыркхоит 18:30 рзы, С. Багаҧшь ихьӡ зху Ашҭаҟынтә амҳаџьырқәа рбаҟа ахьгылоу аҟынӡа иазгәаҭоуп афакелтә ныҟәара, иара убраҟа иаркхоит ацәашьы «Ашьамаҟа». Аусмҩаҧгатәқәа рхыркәшамҭазы амшын аҟәараҿы еиқәҵахоит «Нарҭаа рымца», иара убас амшын ихҵахоит ашәҭқәа.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ашьақәгылара аҭоурых, ҳтәылазы зегь реиҳа иуадаҩыз аамҭахь ҳхьанарԥшуеит - Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рахь.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵан ишьаарҵәыраз хәажәкыратәи ажәылара анаҩс, дук хара имгакәа, 1993 ш. хәажәкырамза 23рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵарала. Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Убри алагьы ҳԥыза ду илиршеит аԥсуа жәлар рԥеиԥш лашазы акрызҵазкуаз ашьаҿа аҟаҵара.
Ас еиԥш иҟаҵаз ашьаҿа, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара аҿиараҟны аҭыԥ ду ааннакылеит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы напхгара арҭон ҳаҭыр зқәыз, зԥышәа ҳаракыз ауаа. Дара ирылдыршеит арепатриациа аус аҟны рлагала аарԥшра.
31 ш. раахыс аҳәынҭқарратә еилакы иалнаршеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла апроектқәа рынагӡара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рыдгылара, ацхыраара рыҭара.
Аӡәаӡәала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аҵак ду змоу агәырӷьаратә мшы ҳадызныҳәало - Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы 31 ш. ахыҵра амш.
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа, хыԥхьаӡара рацәала иаарышьҭуа адныҳәаларақәеи, ажәаԥхақәеи рзы.
Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟазааит аҭынчра!
Иҳазгәакьоу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, шәҭоурыхтә ԥсадгьыл- Аԥсны
шәзыԥшуп!

Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хәажәкырамза 15-16 даара илахьеиқәҵагоу рыцхәны иаанхоит. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц. Рыцҳарас иҟалаз, излагаз ажәылара лҵшәадахеит, уи иацын аҧсҭбарақәа маҷымкәа. Шәҩыла ҳаибашьцәа ахәрақәа роуит, иҭахеит 222-ҩык, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык, абжеиҳараҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан аибашьра ашьҭахь. Хәажәкыратәи ажәылара, 413 мши ҵхи ицоз аибашьра еиҟәызшаз акакәны уахәаҧшрыц алшоит. Иарбаз аплан инақәыршәаны, амотохысратә архәҭақәа Гәымысҭа аӡиас ҭыҧқәак рҟны рыҽдырӷәӷәар акәын, жәҩанлеи мшынлеи ироуран иҟаз ацхыраара иабзоураны аӷацәа раҧхьатәи рхыхьчарҭатә цәаҳәа ааха аҭаны, Аҟәа ахақәиҭтәразы анаҩстәи ажәылара мҩаҧыргар акәын. Аидыслара ӷәӷәа анаҩс, ҳаибашьцәа рҭыҧқәа рахь иҧхьаҵыр акәхеит. Ажәылара иалахәыз изларҳәо ала, усҟантәи амшқәа рзы иҭахаз еиҳа ирацәоуп, зыҧсы ҭаны иаанхаз раасҭа. Гәымысҭа инаркны Аҟәанӡа, аҧсуа архәҭақәа рзы ахаҵареи агәымшәареи, амчи ацәыӡи зцыз мҩаны иаанхеит. Хәажәкыратәи ажәылара даара ишәарҭаз, аха убри аан акрызҵазкуаз ҧышәараны иаанхеит ҳархәҭақәа рзы. Убас еиҧш азгәеиҭон Владислав Арӡынба ажәлар рахь иҟаиҵоз ааҧхьараҟны. Аҧсадгьыл ахьчара зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз Афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәымзааит, ргәалашәара ҳацуп.

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы нагӡа змоу Ахаҭарнакра 30 ш. ахыҵит.
1994 ш. хәажәкырамза 1 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Сҭампыл ақалақь аҟны иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнакра. Акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Ахаҭарнакра напхгара аиҭон Владимир Аҩӡба, иара убас еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари анапхгара рнапы ианын Инар Гыцбеи Вадим Ҳаразиеи. Ҳазҭагылоу аамҭазы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс дыҟоуп Ибраҳим Аҩӡба. Ахаҭарнакра ахадаратә усура азырхоуп аԥсуа жәлар рмилаҭтә хаҿра аиқәырхара, рҭоурыхтә ԥсадгьыл радыԥхьалара, аимадара арӷәӷәара. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнакреи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицзуреи аимадареи рыбжьоуп, азеиԥш проектқәа рҳәаақәҵаразы аҭагылазаашьақәа аԥырҵоит. Ҳҳәынҭқарреи хауаажларреи рзы аҵак ду змоу ари аҭоурыхтә мшы аԥхьаҟа аԥеиԥш лаша амазааит. Владислав Арӡынба игәыӷрақәа здиҳәалоз аԥшьгарақәа зегьы нагӡара рықәны иҟалааит! Адунеи иқәынхо аԥсуаа зегьы рыԥсадгьыл гәакьа Аԥсны ԥшӡа иагымзааит

Аҧснытәи аделегациа Ливантәи Ареспубликаҿы аофициалла рныҟәарақәа рхыркәшамҭазы, Ливан иҟоу Аҧсуа Культуратә центр анапхгаҩы Абдульразак Риад (Цыба) иҩнаҭаҟны асасцәа идикылеит. Иара убас, имҩаҧысит аҧхарра зцыз аҧсуа диаспореи Аҧснытәи аделегациеи реиҧылара. Анаҩс, ажәа иман Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Иара, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Абдульразак Риад аҧхарра зцыз еиҿикааз аиҧыларазы, имҩаҧысуаз ауснагӡатәқәа зегьы рҟны адгылара ахьааирҧшыз, хаҭала зегьы рхы ахьрылаирхәыз. Вадим Ҳаразиа, ҳџьынџьуаа ирзеиҭеиҳәеит Ливан инхо аҧсуааи Аҧсни реимадара лҵшәа бзиала аҿиаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҿкаара-зинхьчаратә ҟәша аиҳабы Аслан Сангәылиа иқәгылараҿы дазааҭгалеит аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭала аилак имҩаҧнаго ахықәкы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыргьежьразы. Аслан Сангәылиа рҭакқәа ҟаиҵеит ҳдиаспора ргәы иҵхоз азҵаарақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭалара, аҧсуа бызшәа аҵаразы акурсқәа реиҿкаара уҳәа. Аделегациа аилазаараҟны иҟаз Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа Ливан инхо ҳдиаспора иҭабуп ҳәа рарҳәеит инарыгӡо аусқәа зегьы рзы, ирҳәеит аиҧыларақәа зегьы аҧхарра рыҵаны ишымҩаҧысыз. Иара убас иазгәарҭеит апарламент аҟны адырра шыҟарҵо ҳдиаспора злацәажәоз зынагӡара аҭаху азҵаарақәа рыӡбахә. Хымҧада, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы уи ахырхарҭала имҩаҧнаго аусқәа зегьы адгылара шрырҭо.

Ливантәи Ареспубликаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчы нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Рудакови реиҧылара. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы В. Ҳаразиа, А. Сангулиа, Е. Чамагәуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа: Б. Џьопуа, В. Бебиа, Р. Аиба, Н. Салаҟаиа, Д. Гогиа. Аиҧылара еиҿыркааит Ливан иҟоу аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Риад Абдульразак (Цыба) зхадараҿы дыҟоу аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Алеқсандр Рудакови, авизақәа рыҭара аус знапы иану аконсултә департамент аиҳаби, Аҧснытәи аделегациа гәаартыла ирыдыркылеит. Уаҟа зҵаара хадас иқәгылан Урысәтылатәи Афедерациа аҟынтә ҧынгылада атранзиттә виза аиура, зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҭаара зҭаху рыцхыраареи Аҧсны атәылауаҩшәҟәы аиуразы аҭагылазаашьа рзаҧҵареи рзы. Аҧснытәи аделегациа агәыӷра рырҭеит дара рҟынтәи ари аус ахаҵгылара шаиуа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ашәҟәы роур, зыҧсадгьыл ахь ицарц зҭаху ауаа мап шырцәырымкуа. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ иирдырит Аҧснытәи аделегациа алахәцәа зегьы. Иара убас, инарҭбааны дазааҭгылеит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аусура, насгьы уажәааигәа ишышьақәыргылаз Ливан инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара, ирылацәажәеит аҧхьаҟагьы ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл радыҧхьаларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәа.