+7840 226 - 28 - 58
info@repatriatera.org
Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рметодикатә центр "Аӡыхь", ҳџьынџьуаа рзы еиҿнакааит аҧсуа бызшәазы иаарту ахәмарратә урок. Абар, уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки зыӡбахә ҳәоу ацентри аҧсуа бызшәа ирласны аҵаразы апрограммақәа аус рыдырулоижьҭеи. Арҵаратә процесс мҩасуеит онлаин аформат еиҧш, офлаин аформат алагьы. Апрограмма иаанарҧшуа алҵшәа аҩаӡара ҳаракуп, уи ус шакәу зҳәо аҿырҧшқәа рацәоуп.
Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Очамчыра араион иаҭааит. Аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан. Р. А. Ҵәыџьба ихьӡ зху акультура Аҩны аҟны асасцәа рзы еиҿкаан аконцерт. Алагер ҳәаақәнаҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.
Аҧхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аҧсны мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа ирҭаауеит, рыжәлантәқәеи дареи еибабоит, ргәалаҟазаара шҭызхуа, арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа, иахьа, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ҳаибашьцәа рҳаҭгәын аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟны амҳаџьырқәа рыхьӡала игылоу абаҟа иаҭааит. Анаҩс, Ешыра ақыҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, агәыҧ алахәцәа аҭааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, иара убас аботаникатә баҳча. Ҳџьынџьуаа зҭааз аҭыҧқәа зегьы рыҧшӡара акыр ихнахит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны имҩаҧысит Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны иҟоу ҳџьынџьуаа злахәыз аиҧылара. Аилак ахантәаҩы Баграт Боџьгәуа иазгәеиҭеит, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааз ҳашьцәа ара рыҟазаара иамоу аҵакы. Ирылацәажәеит арепатриациа иадҳәалаз азҵаарақәа, ҳаимадара арҿиара аусқәа. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегациа аиҳабы Феҳми Ӡыба (Алҭын) ҳамҭас ианаршьеит асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа иусумҭа. Иара убас, аделегациа алахәцәа аилак анапхгара гәаларшәагас аҳамҭақәа рырҭеит. Ишәгәалаҳаршәоит, арҭ амшқәа рзы Аҧсны рыҧсшьарамшқәа шырхырго Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша астудентцәа, иара убас рҭаацәа.