01
02
03
04
05
06

Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьаратә мшқәа зхызго аҿар, иахьа, Аҟәа ақ. Ахьӡ - Аҧша апарк иаҭааит, ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, Амшын Еиқәа аҿықә аҟны игылоу амҳаџьырқәа рбаҟа ашҟа ицеит. Иара убас, иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа. Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, "Бзиала шәаабеит", - ҳәа раҳәауа аилак ахыбраҟны идикылеит. Иҳәеит ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь раара иамоу аҵакы, рабдуцәа зныҵыз адгьыл иқәӷьацарц шахәҭоу.Иҳәеит ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь раара иамоу аҵакы, рабдуцәа зныҵыз адгьыл иқәӷьацарц шахәҭоу. Иара убас иазгәеиҭеит, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы шаҧҵаз еиҳа ианыуадаҩӡаз аамҭазы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз. Агәаҳәара ааирҧшит рҭоурыхтә ҧсадгьыл еснагь рылаҧш ахызарц, гәыла-ҧсыла иадҳәалазарц. "Ахьышьҭрахь" алахәцәа зегьы ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит, аҿар Аҧсны аҧсшьара мшқәа бзиа шырзыҧшу. Агәыҧқәа реиҳабацәа ракәзар, иҭабуп ҳәа ахырҳәааит аҧхарра зҵаз аиҧыларазы.

Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьаз, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл бџьаршьҭыхла изыхьчаз ҳџьынџьуаҩ Ерсын Чқәуа. Ауаҩы аамысҭашәа, ашьац иаӷрагылар ҳәа ишәоз, зыламыс ҳаракыз Ерсын Чқәуа, иҧсадгьыл иҧсеиҧш бзиа ибон, ижәлар рхьаа ихьаан, ргәырӷьара игәырӷьан. Араҟа иаҧиҵахьан аҭаацәара ҧшӡа, ирызҳауеит ихылҵ.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусуратә еилазаареи гәалсра дула ирыдышшылоит Ерсын Чқәуа иуацәеи-иҭынхацәеи.
Аҳәаанырцәтәи атәылақәа - Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Ливанынтә, иара убас Нхыҵ - Кавказынтә, Аҧсныҟа иааит ҳџьынџьуаа рделегациа. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп хыҧхьаӡара рацәала ахәыҷқәа, аҿар, аҧсуа- абаза хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа. Агәыҧ иалоуп абас еиҧш иҟоу ажәлақәа : Ешба, Саӡба, Папба, Ҭарба, Қапба, Маан, Адлеиба, Лацәышба, Ашьхаруа, Цыба, уҳәа. Есышықәсеиҧш сынтәагьы, аҧхынтәи аҧсшьарамшқәа мҩаҧысуеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ас еиҧш иҟоу апроект ахықәкы хадақәа ируакуп ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, рыжәлантәқәеи дареи реибабара, рҩызцәеи дареи реибадырра, рыҧсадгьыл агәыбылра дыркра.
 
Иазгэаҭатәуп, иааидкыланы Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар реиҳабацәа налаҵаны 79-ҩык шыҟоу. Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аҧсуа культуратә центрқәа рфедарциеи, Кавказтәи акультуратә центрқәа рфедерациеи ишьақәдыргылаз агәыҧ еиднакылоит 49-ҩык. Ливанынтәи иҟоуп 9 -ҩык, Иорданиантәи - 5-ҩык, Ҟарачы - Черқьесскынтәи - 16-ҩык.
Ливанынтәи, Иорданиантәи иааз ҳџьынџьуаа раҧхьаӡакәны Аҧсны рыҧсшьарамшқәа рхыргоит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны ахылаҧшра ҷыда рырҭоит Аҧсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра уҳәа, изыхәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы.
 
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, шәарҭ ишәымоуп аҭагылазаашьа, шьак-дак еицалҵыз шәашьцәа, шәыжәлантәқәа рбара, рҭаара, рацәажәара, аҧхьаҟагьы аимадара арӷәӷәара. Еиҳа инарҭбаау аинформациа шәоурц азы абри аҭел аномер ашҟа шәасырц шәылшоит: 226-28-58.
 
Бзиала шәаабеит, ҳашьцәа! Аҧсадгьыл шәызгәыкуеит, шәыгәхьаанагоит! Аҧсны шәаҧшәымацәазааит!

КӘТАӶЬЦӘАХЫЛҦА

26 Рашәара 2023

Рашәарамза 29 рзы, Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Филармониаҟны имҩаҧысуеит амультфильм "Кәтаӷьцәахылҧа" аӡыргара. Амультфильм аҧиҵеит Асҭамыр Кәыҵниа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала. Иалагоит  асааҭ 19:00  рзы, аҩналара хәыда-ҧсадоуп.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш иазкны иаҧҵаз апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Лаҵарамза 23 рзы имҩаҧысит Жәларбжьаратәи ашьапылампыл азы аицлабра-маҷ ахәыҷқәа 2012 ш. ииз рыбжьара.

ТЕЛЛЕГРАММ

22 Лаҵара 2023

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы иадҳәалоу ажәабжьқәа

Лаҵарамза 21, 2023ш.рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти аусқәеи рхеилаки еицымҩаыргеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз  ргәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Есышықәсеиҧш сынтәагьы, лаҵарамза 21 рзы,  Ҭырқәтәыла, Қьефқьен ҳәа иахьшьҭоу аҭыҧ аҟны, Амшын Еиқәа  аҧшаҳәаҟны,  имҩаҧысит Кавказ тәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш.  

Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра шьақәгылеижьҭеи 30 ш. ахыҵра амш инамаданы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы гәык-ҧсык ала адныҳәалара ҟанаҵоит  анапхгареи аколлективи,  аветеранцәеи рахь.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара гәык-ҧсык ала адунеи иқәынхо ачерқьес жәлар ирыдырныҳәалоит Адыгеиа Аҳәынҭқарра абираҟ амш ныҳәа. Адыгеиа Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бираҟ зкәакьҭа иашоу аиаҵәаҧшшәы змоу асахьа амоуп, уаҟа иарбоуп аиаҵәақәа 12, зыхҿа хыхьҟа иҧшуа еихдоу ахьтәы хыцқәа хҧа.