+7840 226 - 28 - 58
info@repatriatera.org
Исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш Иреиҳау Асовет ақәҵарала ирыдкылан 1994ш.абҵарамза 26 рзы. Убри аҽны атәыла иреиҳау азакәанҧҵаратә усбарҭа адепутатцәа далырхит раҧхьатәи Ахада - Владислав Арӡынба.
Абҵарамза 12 инаркны 14-нӡа Сербиа имҩаҧысуаз карате шотокан азы а-28-тәи адунеи ачемпионат аҟны ҳџьынџьуаҩ, Аҧсны атәылауаҩ Даниель Аҭанба амедалқәа хҧа дыриааит.
Ахәаша, абҵарамза 26 рзы, Москва имҩаҧысуеит Енвер Бзагәеи Челиабинск ақалақь аҟынтә Артиом Вычкини злахәу абокстә еиндаҭлара.
Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкара аҟны имҩаҧысит апартиа "Ватан" алахәцәеи Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Кәарҷиа Валери Еримеи-иҧеи адепутатцәеи реиҧылара.
Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика ауаажәларратә еиҽкаара "Абазеи" Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилаки аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаҧшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара «Сара саҧсыуоуп».
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаҧшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара «Сара саҧсыуоуп».
Жьҭаарамза 31 рзы ихыркәшан онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы еиҿкааз аицлабра.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахьчара иааз аибашьцәа дыруаӡәкын Ефқан Цыба.
Аҧсни уи анҭыҵи инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи арепатриантцәеи рыбжьара онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы имҩаҧысуа аицлабра рхы аладырхәит Сылеи Ардеи Маанаа.
Аҧсни уи анҭыҵи инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи арепатриантцәеи рыбжьара онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы имҩаҧысуа аицлабра лхы алалырхәит Иалса Аҭрышҧҳа.
Ашьха ӡыхь еиҧш ахьхьа-хьхьаҳәа, аҧсшәа бзиа избоит сара!
Иамаӡамкәа хьаҳәа-ҧаҳәа, иқәыҩлааит Аҧсынра!
Б. Шьынқәба
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа излаҳәо ала, 1994ш.инаркны аофициалла, жьҭаарамза 27- Аҧсуа бызшәа иамшны иҧхьаӡоуп.
1992ш. жьҭаарамза 22 рзы ақырҭқәа ирыблыз аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа хада шықәсырацәала еизгаз адокументқәа шьаҭанкыла иалаӡит, шәышықәсеи бжаки инареиҳаны ҳажәлар рҭоурыхи рыҧсҭазаареи аазырҧшуаз зегьы ықәхын.