01
02
03
04
05
06

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы ирыдырныҳәалоит иҧшьоу Рамадан аныҳәа. Шәныҳәаҧхьыӡқәа зегьы ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит.

ЗАФЕР АРГӘЫН

05 Мшаҧы 2022

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл  бџьаршьҭыхла ахьчараз иааз  арҧарцәа дыруаӡәкуп  Бурса иаҵанакуа Инегиол ақалақь аҟны инхоз Зафер Аргәын.  Аибашьҩы, раҧхьаӡа акәны иабдуцәа рџьынџь дгьыл ишьапы ықәиргылеит  иуаажәлар амца шыра ианалагылаз, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы. 

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 15-16

16 Хәажәкыр 2022

Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хәажәкырамза 15-16 даара илахьеиқәҵагоу рыцхәны иаанхоит. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц. Рыцҳарас иҟалаз, излагаз ажәылара лҵшәадахеит, уи иацын аҧсҭбарақәа маҷымкәа. Шәҩыла ҳаибашьцәа ахәрақәа роуит, иҭахеит 222-ҩык, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык, абжеиҳараҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан аибашьра ашьҭахь. Хәажәкыратәи ажәылара, 413 мши ҵхи ицоз аибашьра еиҟәызшаз акакәны уахәаҧшрыц алшоит.

2022ш. хәажәкырамза 12 инаркны 15-нӡа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика, Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаҧысуа акикбоксинг азы Жәларбжьаратәи атурнир ихы алаирхәуеит Енвер Бзагәа.   Ҳазҭагылоу аамҭазы, Енвер Бзагәа, ихымҧатәиу аррамаҵзура дахысуеит Ҭырқәтәыла, убри аҟынтә Ҭырқәтәылатәи Арбџьарымчқәа рыхьӡала дықәгылоит. Ҧшьымз рнаҩс, аррамаҵзура дшахысыз еиҧш, Енвер игәы иҭоуп иҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь Аҧсныҟа ахынҳәра.

1921ш. хәажәкырамза 4 рзы Аҧсны ишьақәыргылан Асовет мчра.

1949ш. хәажәкырамза 4 рзы диит Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада Сергеи Багаҧшь.

2010ш. хәажәкырамза 4 рзы иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Аҳәынҭқарра актәи  Ахада Владислав Арӡынба.

 

Ашәҟәы "'Аҧсны аҭоурых" адаҟьақәа рҿы еиҭаҳәоуп усҟантәи аамҭазы имҩаҧысуаз ахҭысқәа ртәы:

"1921ш. жәабранмза аҽеҩшамҭазы иаҧҵан Аҧсны Аревком, уи аилазаараҟны иҟан: Е. Ешба, Н. Лакоба, Н. Ақырҭаа. Усҟан, Ешбеи Лакобеи, иара убас рҩызцәа гәыҧҩыки Ленин идҵала аҳәаанырцә иҟан,  Ҭырқәтәыла. Н. Ақырҭаа ихантәаҩралеи ажәбатәи Ар Ҟаҧшь ацхырааралеи аҧсуа  ақәгыларатә гәыҧ Ҧсоу аӡиас аҟны  Қырҭтәыла аменшевиктә еиҳабыра архәҭақәа ирҿагылеит. Аҧхьа игылан "Кьаразаа", урҭ активла рхы рыладырхәит Лыхны ақыҭеи,  Гәдоуҭеи  Афон Ҿыци ақалақьқәеи рхы рақәиҭтәра. Хәажәкырамза 4 рзы Аҟәа ақалақь ахы иақәиҭтәын, анаҩс Очамчыреи Гали, хәажәкырамза 10 рзы Аҧсны Аревком Ленин иахь ателеграмма дәықәнаҵеит Аҧсны зегьынџьара Асоветтә мчра шышьақәгылоу ала". Аҧсны Аҳәынҭқарра  Асоветтә Социалисттә хьыҧшымра рылаҳәан 1922ш, хәажәкырамза 31 рзы. Аҧснытәи ССР шьақәгылан жәашықәса. Сталин иҭахрала,  Асоциалисттә Советтә Аҧсны Аҳәынҭқарра,  Қырҭтәылатәи Асоциалистә ҳәынҭқарра  иалалеит автономтә республика аҳасабала 1931ш. рзы.

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи Ахада диит 1949ш. хәажәкырамза 4 рзы, Аҧснытәи АССР ақ. Аҟәа. Багаҧшь ихаан  Кәыдрытәи аҩхаа хыхьтәи ахәҭаҿы еиҭашьақәыргылан Аҧсны Аҳәынҭқарра аиурисдикциа, аибашьра ашьҭахь ақырҭуа мчрақәа уаҟа  ахылаҧшра азыруан. Иазгәаҭатәуп,  Сергеи Багаҧшь ихаан, 2008ш. нанҳәамза 26 рзы  Урыстәылатәи Афедерациа  Аҧсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыҧшымреи аофициалла ишазханаҵаз. Сергеи Уасил-иҧа зхаҭара ӷәӷәаз уаҩын, аполитикеи аҳәынҭқарратә усуреи рҟны дпрофессионалын.  Владислав Арӡынба ихьӡ аҭоурых ианхалеит Ахада, аибашьраҿы Аиааира згаз иаҳасаб ала, Сергеи Багаҧшь - Ахада, Аиааира зырӷәӷәаз, уи  жәларбжьаратәи азхаҵаразы аҭагылазаашьа аҧҵара  зылзыршаз иакәны. Сергеи Багаҧшь иҧсҭазаара далҵит 63ш. дшырҭагылаз, 2011 ш. лаҵармза 29 рзы, Москва ақалақь аҟны ирҧҳа анҧырҟа анаҩс мчыбжьык ааҵуаны. Сергеи Уасил-иҧа анышә дамадоуп Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан. 

Владислав Арӡынба диит 1945ш. лаҵармза 14 рзы Ешыра ақыҭан. 1966ш. рзы далгеит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт. Аҵарауаҩ-аҭоурыхдырҩы, аҳәынҭқарра напхгара аиҭон аиҭакра дуқәа раан, СССР ахыбгалара иадҳәалаз аамҭазы.

1992 ш. жәабранмзазы Қырҭтәыла Арратә хеилак, 1978 шықәса рзы иҟаз  Қырҭтәылатәи ССР  Аконституциа аҧыхны, 1921ш. рзы иҟаз Қырҭтәыла  Аконституциа аус ауртә иҟанаҵеит, уаҟа Аҧсынтәыла аҳәынҭқарра-азинтә  еизыҟазаашьа змоу  асубиект аҳасаб ала иарбамызт. Убри инамаданы, 1992ш.     ҧхынгәымза 23 рзы, Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҧсны ССР Аконституциа (1925ш.) абжьы анаҭеит.  Иара убри аҽны ирыдкылан Аҳәынҭқарра Абираҟи Агерби.

Иреиҳаӡоу Акомандаҟаҵаҩы, 1992ш. -1993ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы зхантәаҩрала Аиааира газ,  Владислав Арӡынба иҧсҭазаара далҵит 65 ш. дшырҭагылаз,  акыршықәса ихьуаз ачымазара иахҟьаны,  Москва ақалақь аҟны. Владислав Арӡынба - иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы,  иҿыцу аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩы нага. Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада  Владислав Арӡынба инижьхьаз иуасиаҭ инақәыршәаны, анышә дамардеит Аҟәа араион Ешыра ақыҭан, Гәымысҭатәи афронт аҟны  иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара аҳаҭыразы ишьақәыргылоу Амемориалтә комплекс адгьылҵакыраҟны.

Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи рыхьӡ ажәлар ргәалашәараҟны иаанхоит амилаҭ аҧхьагылаҩцәеи апатриотцәа иашақәеи раҳасаб ала

 

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҵгылара ҟанаҵоит азеижәтәи ашәышықәсазтәи арыцҳаратә хҭысқәа ирыхҟьаны мчымхарыла зҭоурыхтә ҧсадгыл иахгаз, иахьа Шьамтәыла иқәынхо аԥсуаа (абаза) хылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә жәла аиҭашьақәыргылареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәы аиуразы иахәҭоу ақьаадқәа реиқәыршәареи, рхарҭәаареи рзы арзаҳалқәа ралаҵараҟны.
Уи азы иахәҭоуп:

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы адырра ҟанаҵоит 2022ш.-2023ш. рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иҭало  астудентцәа рзы апрограмма, уи ҷыдала ирызкуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа.

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы астудентцәа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет рҭаларазы ишьақәыргыланы ирымоу апрограмма инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра аиустициа аминистрреи арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилаки ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиустициа аминистрра ардырратә ҧышәарахь ддәықәҵан Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ-абитуриентка, аҧхьаҟа лара лгәы иҭоуп ААУ азиндырратә факәльтет аҭалара.