+7840 226 - 28 - 58
info@repatriatera.org
Аҧхьшьтәы зцу амузика арҳәага – Аҧхьарца
Аҧсуа жәлар рмузика еиҳарак авокалтә ҟазшьа ауп иамоу, амузика арҳәагақәа ацхыраара ҟарҵоит ауп. Ус егьа иҟазаргьы, аҧсуа жәлар рырҿиаратә ҧсҭазаараҿы ахархәара бзианы иаман, иамоуп аинструменталтә музика. Аҧсуа амузика рҳәагақәа реилазаараҿы иҟоуп – изызсуа, изҭаҭәҳәо, аҧхьшьтәы зҿыршьуа аинструментқәа.
Ахәыц иалхыз арахәыцқәа рыла еибыҭоу амузика рҳәагатә инструментқәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧҧхьшьтәы зҿыршьуеи анацәақәа зҿыршьуеи. Ижәытәӡоу, арахәыцқәа ҩба змаз, аҧхьшьтәы зҿыршьуаз амузикатә рҳәагақәа ҳәа иҧхьаӡоуп аҧхьарца; аиаҳәа форма аҭаны иҭцәаауп, амҿы иалхуп. Аҿышәҭа ҭырффаны иҟоуп, ахәмарра ианалгалак аҧхьшьтәы убраҟа иҭарҵоит. Аҧхьарца ақә амзашша ықәырҭәоуп, аҧхьшьтәы арахәыцқәа ҵархоит ҳәа уи иаҿыршьуеит. Аҿышәҭ амҿы ҭасоуп, уа иамоуп абжьы иацхраауа акылҵәара гьежьқәа.
Аҧхьарца арахәыцқәа иаҿоу аҽхәыц иалырхуеит. Ахаҭа зегьы ҵлажәла хкык, еизаданы иҧҟоу иалхуп. Ажәытәан аҧхьарца ашәч, адац, аӡахәа иалырхуан. Ишааиуаз, еиҳа рхы иадырхәо иалагеит ал, алаҳаҵла, аҭәаҵла. Аҿышәҭ иҭарсоит аҧслыш, аҭәаҵла, аҧса лых ҟаур.
Аҧхьарца абжьы ҭызго ахыц угәалазыршәо аформа змоу аҧхьшьтәы ауп, уи ахи аҵыхәеи ааиднакыларатәы аҽхәыц рыбжьдоуп. Еиҳарак ари аинструмент ҟазҵо иазырҳәо иоуп. Аҧхьарца аҟаза бзиақәа рҿы иҿаҵаны ианырзыҟарҵо еиҳагьы еиҳауп.
Аҧхьарца ианҵаны еиҳараӡак ирҳәоз аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәеи аҳәамҭақәеи ракәын. Ари амузикатә инструмент рхы иадырхәон адинхаҵара иадҳәалаз ақьабзқәа анымҩаҧыргозгьы: ақәа алеиразы ианныҳәоз, аӡы иагаз иҧсы аҭгараан. Аҧхьарца абыжьқәа ртембр угәы аҵанӡа инеиуеит, аинтонациа еилыхха иҟоуп.
Аҧхьарца еиҳараӡак итәаны ауп ишадырҳәо. Насгьы ашәа ацырҳәоит. Аҧхьарцарҳәаҩы ибжьы ныҵакны иҧхьарца ашәа ациҳәоит, изыӡырҩуа иара ицдырӷызуеит. Аҧхьарца азырҳәо ахацәа роуп. Аҧхьарцарҳәараҿы дҟаза дуун ҳәа дыҧхьаӡан Жана Ачба. Ажәлар еицырдыруан абарҭ ашәаҳәацәеи, аҧхьарцарҳәацәа; Баалоу Шьардын, Шьынқәба Соурыџь, Чукбар Шаҷ, Арсҭаа Ҟасҭеи, Сақаниа Маадан, Хьециа Џьота уб. егь.
Аҧхьшьтәи анацәкьарақәеи раҿшьрала иадырҳәоз аинструментқәа
Аҧсуаа рҭоурых ашәақәа еиҳарак ахымаа аҿы акәын иахьадырҳәоз. Ахымаа акәакь форма змоу арфа ауп, аҭәаҵла иалхуп, насгьы иугәаланаршәоит ихьыхәаны згәыцә иаду аҭәаҵла. Ацилиндр бжа еиҧшуп, корпус ҭҭәааӡам. Аганқәа амҿы иалхуп, 14 џьара акылҵәарсҭақәа амоуп изҿасуа арахәыцқәа ркылгара азы. Иахылҵуа абжьы рацәак иҵарӡам, амч кәадоуп.
Изҭаҭәҳәо аинструментқәа
Иҭаҭәҳәаны иадырҳәо аинструментқәа еихшоит афлеитақәеи абызтәқәеи ҳәа. Урҭ рахьтә иахьа инханы иҟоу амузика рҳәагатә инструмент аҿарпын ауп – гәыцәки, иаарту ҿышәҭаки змоу афлеита. Аҿарпын «аҿарпын» захьӡу аҵиаа агәыцә иалырхуеит, иара убас акалам, аҵлаҟаҧшь амахә. Аҿарпын – ахьшьцәа иртәу инструментуп ҳәа иҧхьаӡоуп.
Иҭаҭәҳәаны мацара иадырҳәо аинструментқәа рыҟнытә ижәытәӡоу акы акәны инханы иҟоу Абыкь ауп. Абыкь арасаҵла еиҳа ишәпоу адац иалырхуан. Аҟаб агәыцә иалырхуан Ашьамшьыг захьӡыз, иҭаҭәҳәаны мацара иадырҳәоз аинструмент.
Зхала абжьы зхылҵырц зылшо асгатә инструменқәа рыхкқәа рҿы иҟоуп амимбрантәқәагьы, урҭ абжьы рхылҵуеит ирхханы ирхарҧоу амембрана абзоурала. Урҭ адаулқәа роуп. Дара амҿы иалхуп, наҟ-ааҟ, рхи рҵыхәеи џьгәоуп, аџьмацәа рыхҟьоуп. Амҿтәы каркас аҟны икылҵәоу аҿышәҭқәа амоуп. Адаул анацәақәа еиҭакуа иасуеит, анапсаргәыҵагьы ықәкшо. Арҭ рҩызцәа абарабанқәа ахархәара рымоуп Аҧсны еиҿкаау ажәлар рансамбльқәа рҿы.
И.Ҳашба лматериалқәа рыла. Амонографиа « Аҧсны», аҭакзыҧхықәу аредакторцәа; И.Д. Анчабаӡе, И.Гь.Аргәын, 2007ш.
Аҧсуа жәлар рмузыка
Аҧсуа ашәақәа рмелодиеи хаҿреи
Аҧсуа жәлар рмузика ахыҵхырҭақәа акырӡа зхыҵуа ажәытә аамҭаҿы иҟоуп. Акыр аамҭа инеиҧынкыланы аҧсуаа егьырҭ ажәларқәеи дареи аимадарақәа рыман, аха ус ишыҟазгьы аҧсуаа рмузикатә фольклор иалшеит ажәлар рашәаҳәаратә ҟазара астили убла хызкуа аҟазшьеи змаз ахатәы ҷыдарақәа реиқәырхара, ашәышықәсақәа ирылганы раагара.
Аҧсуаа рмузыкатә фольклор иреиӷьу аҿырҧштәқәа ирныҧшуеит аҵакы ҵаула, амелодиа ҧшӡа харкы, згәынкылара маншәалоу аформа. Аҧсуа жәлар рашәақәа ржанртә еилазаашьеи рҳәашьа аҷыдарақәеи, рмелодика ахкы рацәареи алшара урҭоит амузикатә фольклор ашьаҭаркраҿы иҟаз аформа мариақәа инадыркны акырӡа аҿиара зауз амелодиақәа рышҟа ихазгалаз аҿиарамҩа азгәаҭара.
Ашәарыцаратә қьабзқәа ирыдҳәалоу амузика
Акырӡа зхыҵуа ажанр иатәуп ашәарыцара ашәақәа. Аҧсуа фольклор аҿы имаҷым ашәарыцареи абнақәеи рынцәахәқәа Ажәеиҧшьааи Аергьи ирзку агимн ашәақәа. Ашәарыцара ашәақәа рҳәон шәарыцара рцамҭазы – Анцәақәа ирыҳәон идырманшәаларц азы; иҟан ихынҳәны ианаауаз ирҳәоз, иара убас ашәарыцара шрықәманшәалахоз атәы зҳәоз ашәақәагьы.
Раҧхьаӡа иҟаз аҳәа амелодиа акәын, ажәа рыцӡамызт, амелодиа атекст ашьҭахь ауп ианцәырҵ. Усҟан ашәа зҳәоз ахацәа ракәын, аҳәсақәа азин рымамызт.
Ашәарыцара ашәақәа ржанр ахь иаҵанакуеит зегьы раасҭа ауаа ирылаҵәаны, еицырдыруа, иахьагьы еиқәханы иҟоу «Ахра ашәа». Ашәа азкуп еициз ҩыџьа аешьцәа рҭоурых; урҭ руаӡәк аҵх шаанӡа аҿарпын ашәа ациҳәон иашьа ахра иаҿахаз, ацәа ииааины далымҟьарц азы.
Ахьшьцәеи адгьылқәаарыхцәеи рашәаҳәара
Аҧсуаа рашәаҳәаратә ҟазараҿы имаҷымкәа иалагалоуп ахьшьцәа рфольклор. Уи зыдҳәалоу ижәытәӡоу аҧсуаа рынхашәа-чашәа ауп, убри аҟнытә дара акырӡа ижәытәӡоу амузикатә ҭынхақәа ирхыҧхьаӡалоуп. Алегендақәа изларҳәо ала аҿарпын раҧхьаӡа иаҧызҵаз ахьшьцәа роуп. Иахьагьы ахьшьцәа аҿарпын «Арахә рырҳәыга ашәа» анаҳәо арахә рыкрыфара шеиӷьхо агәра удыргоит, ахшгьы еиҳа шрымҵуа. Аҿарпын иаҳәоз амелодиа ала ичмазаҩхаз ахьча ихьаа хырҽуан.
Амузикатә фольклор аилазаараҿы акыр ирацәоуп адгьылқәаарыхра иадҳәалоу ашәақәа; ацәаӷәаҩ иашәақәа, аҽагкара ашәақәа уб. егь. Ашәаҳәара иацымҩаҧыргон адинхаҵареи, адгьылқәаарыхреи ирыдҳәалоу ақьабзқәа. Ихыркны, акыр инеиҵыхны имҩаҧыргоз ақьабзқәа зегьы ирылукаауа иҟоуп ақәа аура иазынархаз ақьабз. Аарҩара аныҟалалакь, ауаа цуҭала рҽеизганы, аныҳәарақәа мҩаҧыргон, ирҳәон аритуал зыда имҩаҧырымгоз ашәақәагьы. Аҿар ныҳәак ахь ицошәа рҽеилаҳәаны, «ӡиуоу» ҳәа изышьҭаз аҭәырӷәы кәыкәма еилаҳәаны, ашәа ахҳәаауа ирыманы аӡахьы илбаауан.
Аҧсуа ашәақәа реилазаараҿы афырхаҵара атема
Аҧсуа музикатә фольклор аҟны иалкаау аҭыҧ ааныркылоит афырхаҵаратә ашәақәа. Афырхаҵара атема ажәлар еиҳа азҿлымҳара ахьарҭоз амзызқәа рышьаҭа иҟоуп рҭоурых аҟны. Аҧсуа жәлар агәаҟрақәа рацәаны ирхаргахьеит, рыҧсҭазаараҿы шаҟа рыцҳара ҵаула иҭагылоз аҟара, рықәҧарагьы амчра ӷәӷәахон, идырҿиоз адуоҳатә культурагьы уамашәа иџьашьатәхон.
Афырхацәа рыҧсҭазаашьа атәы зҳәо ашәақәа рцикл иатәуп ижәытәӡоу, аҧхьшьтәы аҿшьуа ашәа зцырҳәоз амузыкатә инструмент аҧхьарца аҟны инарыгӡоз «Ахәра ашәа».
Аҧсуа аҭоурыхфырхаҵаратә ашәақәа рызкуп иҭахаз афырхацәа рхаҵарақәа. Абас ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа иахьанӡа еиқәыр-ханы иаҳзааргеит зыҧсҭазаара зегьы легендаз Аџыр-иҧа Данаҟаи, Инаҧҳа Кьагәа, Хабр-иҧа Кац, Кьахьба Ҳаџьараҭ уҳәа реиҧш иҟоу ажәлар рфырхацәа.
XIX ашәышықәсазы Урыстәыла Кавказ имҩаҧнагоз аполитика иахҟьаны аҧсуаа изныкымкәа мчыла Ҭырқәтәылаҟа иахцан, амҳаџьырра ишьҭын. Убарҭ ихлымӡаахыз ахҭысқәа ирылиааит акырӡа иҵаулоу агәырҩеи, аҧсадгьыл агәхьаагареи зныҧшуа амҳаџьыраа рашәақәа.
Ачарақәеи аҧсрақәеи ирыдҳәалоу ақьабзтә ашәақәа
Амузыкатә фольклор аилазаараҿы аҭыҧ ду ааныркылоит абзазартә ашәақәа. Иаҳҳәап, аҧсуа традициала имҩаҧгоу ачара ашәаҳәара зцу ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Асимволтә ҵакы амоуп ачара ашәа (Радеда, Оуредада). Уи ашәа ҳәо акәын аҭаца илразҟхаз иҩнаҭа дшыҩнаргалоз. Ачара аныруаз ақьабз иатәыз агәаҧхачарашәақәа, ачарашәақәа рҳәон.
Аҧсрақәа рыҟны иршәоз агәаҟ ашәақәа рыҟнытә зегьы раасҭа ажәлар ирылаҵәаны иҟоу Ауоу ауп. Ауоу рҳәоит аҧсыжра аҽны, насгьы абиҧара, аҭаацәара аҵыхәтәантәи ахаҭарнак (ахаҵа) данҧслак. Агимн - ашәа Азар акәзар, уи рҳәоит аҧсхәара ду, ашықәс анышьҭырхуа аҽны, насгьы зыҧсхәы руа иҧсы анҭаз дҽыбӷаҟазан дыҟазар, ашәа рҳәон имҩаҧыргоз аҽырхәмаррақәа, аиндаҭларақәа раан.
Аҧсуаа рхылшьҭрақәа ибзианы ирдыруан амузыка хәшәык аҳасабала иамоу алшарақәа. Итрадициахаз агәаанагарақәа рыла, аҧсуаа ачымазарақәа зегьы Анцәахәқәа рхагылоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, урҭ ргәамҵра иахҟьоит рҳәон ачымазарақәагьы. Ачымазаҩ иуацәа, иҭынхацәа, игәылацәа еизаны, аҧхьарца ашәақәа анҵаны иҳәо, аҷаҧшьарақәа мҩаҧыргон. Ашәа ачымазаҩ ихьаақәа, игәаҟрақәа ихнацоит, игәы иханаршҭуеит, уи акәым «Анцәагьы игәы иахәоит» ҳәа азырҧхьаӡон.
Аҧсуа жәлар еицырҳәо ашәақәа
Аҧсуа жәлар рашәақәа авокалтә мелодиеи иҳараку ашәаҳәареи рсинтез ала ишьақәгылоуп. Ажәлар рашәақәа рмелодиаҿы еизгоуп абызшәа, ажәаҳәа иамоу аинтонациатә беиара зегьы. Амелодиа иацааиуеит ашәа ажәақәа, урҭ реилазаараҿы иҟоуп аемоциа азырҳара иацхраауа, зеиҭагара маншәалам ажәақәа, абжьыҭҟьақәа. Ашәа аҵакы инеиҵыхны ашәаҳәаҩ – ажәабжьҳәаҩ иажәабжь аҿы дазааҭгылоит.
Аҧсуа ашәақәа ҩыџьа, хҩык еицырҳәоит, абжьырацәа зныҧшуа аҧсуа жәлар рашәақәа ирҷыда ҟазшьоуп еиҿыбааны, бжьырацәала ашәа аицыҳәара. Аҧсуа жәлар еицырҳәо ашәақәа рыҟны абыжьқәа зегьы рхы иақәиҭуп; абыжьқәа зегьы хаз-хазы рхатәы функциақәа нарыгӡоит, ашәагьы аполифониатә цәа ахарҵоит.
Аинтерес ду рыҵоуп ашәаҳәара иацу итрадициатәу акәашарақәа. Арҭ ашәақәа иахьагьы еиқәырханы ирымоуп ақьырсианра аҿиара иалагаанӡатәи аамҭа иатәу аформақәа – ҩ-бжьы хыкқәак рыла ишьақәгылоу ахортә полифониа. Ахор рашәаҳәареи амузика рҳәагатә инструментқәа рыхәмарреи иқәгьежьааны ианацкәашо, ахәаҧшцәа акәашаҩцәа рыкәашара аритм иақәыршәаны рнапқәа еинырҟьоит.
Аҧсуаа ашәақәа ржанр аҷыдарақәа, рмелодиа абеиара, урҭ ирнаало абызшәа иҳарҳәо акы ауп – аҧсуа жәлар рбызшәа, рашәа, рдоуҳа еиҷаҳауа мацара еиқәырхо ишааргаз рмилаҭтә хаҿра, иара убас уамашәа иҧшӡоу, аемоциа зҵоу амузыкатә фольклоргьы.
Аҧсуа кәашарақәа – аӡәгьы ихәура иҭамлац, зхы ҳаҭыр ақәызҵо, иара убас Кавказ иҧшӡӡоу аҭыҧ Аҧсны ҧсадгьылс измоу ажәлар ркультура иузаҟәымҭхо хәҭоуп.
Аҧсуа кәашара́қәа ирылшоит акәашара хкқәа рыла агәалаҟазаара аарҧшра. Ахореографиа иабзоураны ахәаҧшҩы илшоит ари атәылеи, уа инхо ажәлари рҭоурых ахәҭақәа рыҟнытә ахҭысқәа рбара, реилкаара. Ажәлар рыкәашарақәа рыла, иара убас, ирылшоит ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа, реибашьрақәа, ргәырҩақәа, ргәырӷьарақәа ирыдҳәалоу ахҭысқәа ҳзеиҭаҳәара.
Алирикатә кәашарақәа рахь иаҵанакуеит «Лалзын» захьӡу аҳәсахәыҷқәа рыкәашара ҧшӡа. Аҧсуа ҭыҧҳацәа рыҧшӡареи реиҿкаашьеи атәы аӡәырҩы ирыҩхьеит, аха даҽа зныкгьы имыцхәӡам урҭ ииашаҵәҟьаны даараӡа иҧшӡаны ишыкәашо атәы аҳәара. Ажәлар рыҟны иахьагьы иргәаларшәаны аҿаҧыцтә ҳәамҭақәа рзыркуеит абарҭ аинтерес зҵоу акәашарақәа; «Аршышра кәашара», «Баланач», «Ауапа ҟаҵацәа рыкәашара» уб. иҵ. Зыӡбахә ара иҟоу зегьы ауапаҟаҵацәеи, егьырҭ ацәҩыча ӡахыҩцәеи рыкәашаракәа роуп ҳәагьы иҧхьаӡоуп. Ажәлар урҭ бзиа ибаны «ҳашьха каҧ-каҧқәа» ҳәа ирышьҭан. Ҳазааҭгылап акәашара « Лалзын» захьӡу. Уи имариам, аха аинтерес зҵоу хореографиатә еиҿкаароуп.
«Лалзын» захьӡу акәашара аҧсуа ҭыҧҳацәа ҷыдала рҽазыҟарҵон. Акәашацәа рышәҵатәқәа еиҧшӡамызт, избан акәзар зегьы дара рхала рыҵкқәа рӡахуан, иқәырҵон, иара убри алагьы дасу рҟазареи рхатәы сахьаркыратә гьамеи аадырҧшуан. Аҧсуа ҭыҧҳацәа ахеиҿкаара аҿы мацара акәӡамызт иахьеицлабуаз, еицлабуан ацәҩыча архиараҿы, арҧшӡараҿы. Ажәлар ирзеиҧшу аныҳәақәа раан, аҧсуа ҷкәынцәа рыҧсҭазаара рыцеиҩыршарц иалырхуаз зегьы реиҳа зҟазара ҳаракыз аҭыҧҳацәа ракәын. Ус еиҧш иҟаз аҭыпҳацәа ажәлар рҿы « аҵыс мҩас асахьа ҭызхуа» ҳәа ирышьҭан. Арҭ ажәақәа аҭыҧҳа лара лнапала илӡахыз амаҭәақәа рзы зегьы иреиҳау хәшьаран, рҽхәаҧхьаӡын. Ажәакала, « Лалзын» захьӡу акәашара ажәытәан азеиҧш ныҳәақәеи, аҽқәа рыла аицлабрақәеи рҿы еиҳараӡак иназыгӡоз аҭаацәара иаламлацыз аҭыҧҳацәа ракәын.
Акәашара иалагон абарҭ ажәақәа злаз, иҭынчыз, инаалаз ашәа абжьы инақәыршәаны;
Амузика атакт рҽақәыршәаны, аҧсаатә реиҧш рымҵәыжәҩақәа еиҵыхны, иӡса-ӡсо иаақәлон аҭыҧҳа ҧшӡақәа. Ихагьежьуа мацара, урҭ рыкәашараҿы еиуеиҧшым асахьақәа еиҿыркаауан, ахыркәшамҭазы иааикәагылоны икәашон, рыгәҭа дықәгьежьаауа днықәлон лҟазара аарҧшуа акәашацәа руаӡәк. Рыкәашара аамҭа иҭагӡаны иалахәу аҭыҧҳацәа зегьы знык-знык адамхаргьы акәашацәа рыгәҭа иаагыланы икәашар акәын, зегьы ирбар акәын дасу рҟазара. Акәашара зны иласхон, атемп азҳауан, нас еиҳа иҭынчхон, иара убри ала акәашацәа рыкәашашьа алирика ацәа ахалон.
Дара иугәаладыршәон апытра иаҿу агәилшәҭ, ма зымахәқәа лашьҭны, зылаӷьырӡ лашьҭуа игылоу аҵла, зны-зынлагьы амшын ацәқәырҧа; аҵыхәтәаны акәашацәа зегьы амра ашәахәақәа реиҧш рҽыҧсаҟьо еимпуан, нас иааикәшаны, амра асахьа ҭыхуа, иаагылон. Ари акәашараҿы иҟоуп агәы аҵа иҭаҵәаху алахьеиқәра, ишәаӡыӡуа агәыӷра ҧхьаҟа дасу иаҭәоу аразҟы азы.
Ара иалацәажәахоит « Ахьча заҵә икәашара» ҳәа хьӡыс измоу акәашара. Ари акәашара назыгӡоз ашьха иҟаз ахьшьцәа ракәын. Уи абас иалагон; Ахьча илабашьа лаирсуан, нас дықәгьежьаа, дкәаша-кәашо даақәлон; ихылаҧа наганы илабашьа иахеиҵон, ичарқьез маҭәагьы адкнеиҳалон, абас иара итәала еилеиҳәон; уи алабашьа иара изы дхәаҧшҩын. Уи ашьҭахь аҿарпын аашьҭыхны аркәашага мелодиа арҳәара далагон, ихаҭа уи ала акәашара иҽазирхион. Нас иҿарпын нышьҭаҵаны, еилаҳәаны иргылаз илабашьа дакәшо акәашара далагон, илымҳа ааскьа иааҭаҩыз амелодиа иҽнақәыршәаны.
Акәашара амҩаҧысшьа; акырынтә дхагьежьуа дкәашон, нас илабашьа аҧхьа дааины, анапы еиннаҟьозшәа иҭабуп ҳәа деихырхәо днаскьон; уа игылоу аҭыҧҳа дицкәашарц азы даалыҧхьазшәа ҟаҵо, дшьацәхартәны, длывагьежьуа акәашара далагон, нас икәашара хыркәшо, изныкымкәа длеихырхәо наҟ дцон. Маҷк иҧсы ааиҭакны деиҭахынҳәуан аҭыҧҳа илеиҽырбо арҧыс исахьа иҭаны, нас уи аҭыҧҳа ара дыҟоушәа длыцкәашо иҿынеихон. Дкәашон иара ихы шьҭкәыцәаа ашьхарҧыс ишиаҭәоу еиҧш, ибӷа риашаны икны, дшьацәхартәуа, иааиҧхьаз аҭыҧҳа длывагьежьуа. Ари апантомимикатә ҟазшьа змоу акәашара иахьагьы ашьхақәа рҿы ахьшьцәа инарыгӡоит рыҧсы аныршьо аамҭақәа раан. Абраҟа иазгәаҭатәуп зегьы ишрылымшо ари акәашара анагӡара, уи зылшо амузика зныруа, актиортә ҟазара зцәа иалоу заҵәык роуп.
The Big Oxmox advised her not to do so, because there were thousands of bad Commas, wild Question but the Text didn’t listen her seven versalia, put her initial into.
Separated they live in Bookmarksgrove right at the coast of the Semantics, a large language ocean. A small river named Duden flows by their place and supplies it with the necessary regelialia. It is a paradisematic country, in which roasted parts of sentences fly into your mouth.
Pityful a rethoric question ran over her cheek When she reached the first hills of the Italic Mountains, she had a last view back on the skyline of her hometown Bookmarksgrove, the headline of Alphabet Village and the subline of her own road, the Line Lane.