01
02
03
04
05
06

Ҳаҭыр зқәу Асҭамыр Оҭар-иҧа!

 

​ Гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәира амш.

 

Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш здаҳҳәало, агәыӷра лашақәа зцу иреиӷьу абиԥара шәырхаҭарнакуп.

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан 1992ш. ҧхынгәымза 23 рзы,  Аҟәа ақалақь, Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аизара аҟны. Абираҟ автор - асахьаҭыхҩы,  Валери  Гамгиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа рашәарамза 13 рзы Гәдоуҭа амшын аҟны   аҧҳәыси ахәыҷи еиқәзырхаз Леон Барцыц дидикылеит. Аиҧылара далахәын  Леон иаб, Милтон Барцыц.

Аҳәынҭқарра Ахада Леон Барцыц иаб иҭабуп ҳәа еиҳәеит. "Ҳаибадырра сеигәырӷьоит.

Есҽны аурыс-аҧсуа ҳәаа иахысуеит 50- нызқьҩык ауаа, 10-нызқь машьына. Аҧсшьаҩцәа рхыҧхьаӡара ахьырацәахаз инамаданы агәаран есааира еизҳауеит. Ҧхынгәымза 20 рзы абри атәы иҳәеит Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски.

Иԥсҭазаара далҵижьҭеи шықәсык ҵит аҭоурыхҭҵаарадыррақәа ркандидат,   аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усузуҩ,  адипломат,  Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, Ахьӡ-Аԥша аорден  ахԥатәи аҩаӡара занашьо Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба.

Курбан-ныҳәа!

19 Ԥхынгәы 2021

Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа!

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы гәык-ҧсыкала ишәыдныҳәалоит аԥсылманцәа рныҳәа дуқәа ируаку Курбан-ныҳәа!

Мышқәак рнаҩс аҧсылман динхаҵаҩцәа иазгәарҭараны иҟоуп аислам ныҳәа хадақәа ируаку Кәырбан-Баирам. Аҧсынтәыла ари аныҳәа иамоуп ахатәы милаҭтә хьӡы-Кәырбан ныҳәа. Аныҳәа  иреиҳау адоуҳатә беиарақәеи аҟазшьа бзиақәеи ирхаҿроуп,  гәыла-ҧсыла аҧсылман дин азхазҵо рзы.

Ари амш аҳаҭыр азы афотоальбом азҳархиоит.

Ҭырқәтәыла  еиҿкаау Аҧсуа культуратә центрқәа  рфедерациа апроект адгылара аҭауа,  Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы шәара шәалархәны афотоальбом аҧҵара аҧшьнагеит.

Адунеи иалаҵəаз ачымазараҿкы Ҭырқəтəыла инхо ҳауаажəлар ирнымҧшырц залымшеит,  уаҟа еиҿкаау аҧсуа хеидкылақəа иазҧхьагəаҭан ирымазаусурақəа ишахəҭаз еиҧш ирзынамыгӡеит.  Аха,  егьа ус акəзаргьы, рнапынҵақəа хылаҧшрада иаанрыжьуам. Абас еиҧш азгəеиҭоит Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟəысба.

Ҳтəылаҿы иҟоу аепидемиологиатə ҭагылазаашьа акыр иахьыуадаҩу инамаданы, Аҧсны агəабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭəба  Аҧсны Ахада иадминистрациа аусбарҭаҟны имҩаҧысыз аилатəараҟны ажəалагала ҟаиҵеит акороновирус аҿагыларазы аҧкрақəа рҕəҕəазарц

- русура ҧкызарц аџьармыкьақəа, азеиҧш крыфарҭатə обиектқəа, афатə адəахьы идəылганы  иара убас аҭыҧ аҟны рызнагара еиҿкааны;