+7840 226 - 28 - 58
info@repatriatera.org
Иахьа, аҧхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь - 2025» алахәцәа аҭааит ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал. Аныҟәарақәа ралагамҭаз ҳџьынџьуаа ашәҭқәа шьҭаоҵеит ҳаибашьцәа рмемориал аҟны. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан аконцерт. Убри анаҩс, Нхыҵ-Кавказынтәи иаҳҭааз ҳашьцәа хәыҷқәа Тҟәарчал аҭоурыхтә ҭыҧқәеи аҧсабара аҧшӡарақәеи рбартә еиҧш аҭагылазаашьа рыман. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан Аҟармаратәи аӡхыҽҽа. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит Тҟәарчал ақалақь аусбарҭа иаадырҧшыз азҿлымҳареи ахаҵгылареи рзы.
Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рцентр «Аӡыхь», Нхыҵ- Кавказынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа рзы ахәмарратә методика ахархәарала аҧсуа бызшәазы иаарҭу аурок мҩаҧыргеит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки, ацентр «Аӡыхьи», абар уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит азеиҧш проект аус адырулоижьҭеи, уи хырхарҭас иамоуп иаарласны аҧсуа бызшәа арҵара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳџьынџьуаа аҭааит Аҧсны абанк амузеи, уаҟа дара ирбеит аекспозициақәа, анаҩс Аҟәатәи абааш аҟны рныҟәарақәа хдыркәшеит.
Аҧхынтәи аҿартә лагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа аҭааит Гал ақалақь. Аибадырратә ҟазшьа змаз аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿар ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рмемориалтә баҟаҿы. Ҳџьынџьуаа рзы акультура Аҩны аҟны еиҿкаан аконцерт, анаҩс дара аҭааит Галтәи аӡеизакырҭатә ҭыҧи , Агидрофымцамчтәы станциеи. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит Гал ақалақь администрациа ахаҭарнакцәа, алагер алахәцәа рзы еиҿыркааз ауснагӡатәқәа зегьы рзы.
Нхыҵ - Кавказынтәи зыҧсшьарамшқәа Аҧсны изхызго аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь», иахьа, аӡиа Риҵа иаҭааит, рыбла иабеит уи акәша-мыкәша иҟоу иблахкыгоу аҭыҧ ҧшӡаоақәа, иџьашьахәу аҧсабаратә цәырҵрақәа. Агәыҧ аилазаараҟны иҟоуп ҳаҧсадгьыл ахьчара иалахәыз Нхыҵ -Кавказынтәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз рҭынхацәагьы. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзууәеи ирылшо зегьы ҟарҵоит ҳашьцәа хәыҷқәа рыҧсшьарамшқәа Аҧсны гьамала имҩаҧысырц азы.
Нанҳәамза 14 - Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит. Убри аҽноуп, 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра ахы анакы. Зықьҩыла аҭынч уааҧсыреи афырхацәеи рхы ақәырҵеит Аҧсадгьыл ахьчара. Игәалашәара лашазааит акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба. Ргәалашәара наӡаӡазааит Аҧсны Аиааира азаазгаз иреиӷьыз аҵеицәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз зегьы. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит 413 мши-ҵхи бџьаршьҭыхла ҳаҧсадгьыл зыхьчоз аветеранцәа, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьаҳшьоит. Аҧсны жәлар аҭынчреи агәабзиареи рымазааит.
Абызшәақәеи арҵаратә инновациақәеи рметодикатә центр "Аӡыхь", ҳџьынџьуаа рзы еиҿнакааит аҧсуа бызшәазы иаарту ахәмарратә урок. Абар, уажәшьҭа шықәсқәак ҵуеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки зыӡбахә ҳәоу ацентри аҧсуа бызшәа ирласны аҵаразы апрограммақәа аус рыдырулоижьҭеи. Арҵаратә процесс мҩасуеит онлаин аформат еиҧш, офлаин аформат алагьы. Апрограмма иаанарҧшуа алҵшәа аҩаӡара ҳаракуп, уи ус шакәу зҳәо аҿырҧшқәа рацәоуп.
Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа Очамчыра араион иаҭааит. Аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан. Р. А. Ҵәыџьба ихьӡ зху акультура Аҩны аҟны асасцәа рзы еиҿкаан аконцерт. Алагер ҳәаақәнаҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы.
Аҧхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аҧсны мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа ирҭаауеит, рыжәлантәқәеи дареи еибабоит, ргәалаҟазаара шҭызхуа, арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.