ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр иаҭаразыАҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ изы.
Аԥсылманцәа иԥшьоу рныҳәа Рамадан аҳаҭыразы, Ҭырқәтәылатәи агәыҳалалратә Фонд «Türkiye Diyanet Vakfı» Аԥсныҟа агәыҳалалратә цхыраара аанашьҭит, уи хықәкыла зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ирызкуп.
Мшаԥымза 16 рзы, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала, Аҟәа араион иаҵанакуа Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аҟны имҩаԥысит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра фырхаҵарыла ианысыз ҳџьынџьуаҩ, Леон орден занашьоу Алԥер Бганба ишәҟәы «Амҩа бзиа, ҳаумырԥхашьан» аӡыргара.
Мшап,ымза 15 рзы ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә п,садгьыл ахь рыхынҳәразы аҳәынқарратә еилакы аҟны имҩап,ысит ахҵәацәа рызҵаарақәа рзы Ап,сны иҟоу Даттәи Ахеилак ахаҭарнакцәа рп,ылара.
Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭкарратәсанитартә ҳақьым хада мшаԥымза 9, 2021ш. инаркны инапы аҵаиҩит Ақәҵара №12 «Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратәсанитартә ҳақьым хада инапы зҵаиҩхьазАқәҵараҿы аиҭакрақәа алагалазарц18.03.2020ш.инаркны N 7 « COVID-2019аламырҵәаразы аԥхьакра аус аиқәыршәарахықәкыс иҟаҵаны».
Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы Аԥсны аҳəынҭқарратə еилакы ахьӡала, хаҭала сара сҟынтә гəык-ҧсык ала ишəыдысныҳəалоит Шəирамш! Ҳаҭыр зқəу Аслан Гьаргь-иҧа,
Быжьшықәса раԥхьа Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Сами Уанаҿа иҭаацәа. Дара нхоит Гәылрыԥшь араион Дранда аҳаблаҿы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ҷыдала ҳџьынџьуаа рзы еиҭашьақәдыргылаз аҩнаҿы.
Ҭырқəтəыла имҩаҧысит аҧсуа культуратə хеидкылақəа рнапхгара злахəыз изаамҭанытəиу азеиҧш еизара. Адунеи аҿы аҭыҧ змаз аҿкычымазара иахҟьаны, адернеқьқəа рнапхгара реизара ахган хəажəкырамзахь.
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵала Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахаҭарнакс дҟаҵоуп Аҩӡба Ибраҳим Ҳиџьран-иҧа. Ибрагим Аҩӡба, Ҭырқəтəылантəи иҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь дааит 1993 шықəса рзы.
Иахьа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳəразы аҳəынҭқарратə еилакы анапхгаҩцəеи аусзуцəеи ашəҭ шьыҵəрақəа шьҭарҵеит Аҟəа ақалақь ҳаибашьцəа анышə иахьамадоу Ахьӡ-аҧша абаҳчаҟны. Иргəаладыршəеит 1993 шықəса мартмза 15-16 рзы Гəымысҭатəи афронт ала Аҟəа ақалақь ахақəиҭтəразы имҩаҧгаз ажəылараҿы иҭахаз ҳфырхацəа, иара убас хабарда ибжьаӡыз ҳаибашьцəа.
1993 шықəса, Март 15-16 рзы Аҧсны Аруаа Гəымысҭатəи афронт ала Аҟəа ақалақь ахақəиҭтəразы имҩаҧыргаз ажəылара - Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҟны итрагедиатə хҭысны иаанхоит.
Хәажәкырамза 10, 2021 шықәса рзы Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысит ҳдиаспора ирыдҳәалоу аҵак ду змоу ахҭыс. Қоџьаели ақалақь Қьефқьен амшын еиқәа аԥшаҳәаҿы еиҭаҳан азеиҭынтә ҵлақәа. Ас еиԥш иҟаз аусмҩаԥгатә еиҿкаан а-19-тәи ашәышықәса азбжазы мчымхарыла зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгаз ҳџьынџьуаа ргәалашәара аҳаҭыр азы.