ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Аҧсни уи анҭыҵи инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи арепатриантцәеи рыбжьара онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьаразы имҩаҧысуа аицлабра лхы алалырхәит Иалса Аҭрышҧҳа.
Ашьха ӡыхь еиҧш ахьхьа-хьхьаҳәа, аҧсшәа бзиа избоит сара! Иамаӡамкәа хьаҳәа-ҧаҳәа, иқәыҩлааит Аҧсынра! Б. Шьынқәба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа излаҳәо ала, 1994ш.инаркны аофициалла, жьҭаарамза 27- Аҧсуа бызшәа иамшны иҧхьаӡоуп.
1992ш. жьҭаарамза 22 рзы ақырҭқәа ирыблыз аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа хада шықәсырацәала еизгаз адокументқәа шьаҭанкыла иалаӡит, шәышықәсеи бжаки инареиҳаны ҳажәлар рҭоурыхи рыҧсҭазаареи аазырҧшуаз зегьы ықәхын.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаԥшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара «Сара саҧсыуоуп».
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаҧшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара " Сара саҧсыуоуп".

«Сара саҧсыуоуп»

19 Жьҭаара 2021
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаҧшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара «Сара саҧсыуоуп».
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы анапынҵала ателехәаҧшратә еилазаара «АБАЗА-ТВ» ишәыднагалоит адырраҭара «Сара саҧсыуоуп».
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы алаҳәара ҟанаҵоит адиаспореи арепатриантцәеи рхаҭарнакцәа рыбжьара онлаин ала аҧсышәала ажәеинраалақәа раҧхьара иазку аицлабра. Аицлабра мҩаҧысуеит аҧсуа бызшәа амш инамаданы, жьҭаарамза 31-нӡа. Аицлабра рхы аладырхәырц еиуеиԥшым ақәратә категориақәа. Аҧхьатәи аҧхьахәтә ҭыҧқәа хҧа шьақәыргылахоит акомиссиа алахәцәа рыбжьаҭаралеи аҳамҭақәеи рыла, ахәаҧшцәа рыбзиабара даҧсахоит звидео анҵамҭа Феисбук адаҟьаҿы еиҳа ирацәаны ахәаҧшцәа рыбзиабара иаҧсахаз. Аицлабра зхы алазырхәырц агәаҳәара змо зегьы…
Жьҭаарамза 11, 1992ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Атәылахьчара аминистрреи Аштаб хадеи раҧҵаразы. Ари арыцхә аофициалла Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа анаҧҵаз иамшуп ҳәа иҧхьаӡоуп - Аҧсуа Архәҭақәа ирирамшуп. Аҧсны Арбџьар Мчқәа раҧҵаразы Аусҧҟа ҭыжьын Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Аҧсадгьыл Ахьыҧшымразы ажәылара ӷәӷәақәа анцоз еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы. Ҳазҭагылоу аамҭазы Арбџьар Мчқәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра…
Жьҭаарамза 2 рзы Иорданиа аҳҭнықалақь Амман иазгәаҭаз Аҧсуа культуратә центр "Диуан-Абаза" ахантәаҩы иалхрақәа рахь, Иорданиа инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа иҟарҵаз ааҧхьарала уи рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа.
Аҧснынтәи 13-ҩык астудентцәа Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалаз рдыррақәа реизырҳазы ари атәыла иаҭааит. Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациеи русеицурала, рашәарамза 2 рзы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит аилыҧшааратә тур, 29 рзаҳал аҟынтә, 21-ҩык қәҿиарала аҧышәарақәа ирхысит, еиуеиҧшым азаанаҭқәа рыла Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалеит. 13-ҩык астудентцәа уажәазы Ҭырқәтәыла иҟоуп, лассы аҵаратә процесс иалагоит. Астудентцәа ракәзар…