ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Рашәарамза 10, 2021ш.рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит уи ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи 20-ҩык абитуриентцәа рҭаацәеи реиҧылара, қәҿиарала атестқәа азҭаз Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчра нагӡеи змоу Аҧсны ахаҭарнак Баграт Хәытабеи, ахаҭарнак ицхырааҩ Муҳаммад Али Ҭаҭажьи реиҧылара.
Рашәарамза 4 рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит Али Муҳаммад Ҭаҭажь иҧылара, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Али Муҳаммад Ҭаҭажь иҧылара
Рашәарамза 3 рзы Гәылрыҧшь араион аҟны имҩаҧысит Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаа злахәыз аиҧылара.
Рашәарамза 2 рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны абитуриентцәа Анатолиатәи ауниверситет ахыҧхьаӡаларазы аттестациа иахысит.
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аҧшьгарала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысыз "Ачыс хаақәа рныҳәа" ихы алаирхәит Ҭырқәтәылантәи жәохә шықәса раҧхьа Аҧсныҟа нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ Озқан Хәаҧшыхә.
"Аслан Бжьаниа авизит алҵшәа бзиа атәы дазааҭгылауа иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи аҧхьаҟатәи ганрацәалатәи русеицура феида злоу аныра шанаҭо.
Аурыс-Кавказ еибашьра иахҟьаны а-19-тəи ашəышықəсазы Кавказ ажəларқəа аӡəырҩы мчымхарыла рыҧсадгьыл иахган. Урҭ рахьтə аӡəырҩы амҩан рыҧсҭазаара иалҵит, иҟоуп атəым дгьыл аҟны иҧсқəазгьы.
Лаҵарамза 25 рзы Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны, ҳџьынџьуаҩ Олег Етлухов Жәларбжьаратәи алитературатә премиа ианашьара мҩаҧысит.
Есышықәсеиҧш сынтәагьы Аҧсны аҳәынҭқарратә ҩаӡара аҟынӡа инаганы, Аурыс-Кавказ еибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азгәарҭоит.
Аҧсны Ахада дырҧылеит Уалид Маршьан иҭаацәа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, Шьамтэылатәи Ар аинрал-маиор, аҧсуа диаспора ахаҭарнак. Аҳәынҭқарра Ахада Маршьанаа рҭаацәа рахь днеиаанӡа, аинрал игәалашәара аҳаҭыразы иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭаиҵеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳауаажәлар ргәалашәара иазкны Аҟәа ақалақь Амшын Еиқәа аҿықә аҟны игылоу абаҟаҿы иаартуп афотоцәыргақәҵа.