ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Гагра араион активи адепутатцәеи раҧшьгарала Гагра ақалақь аҟны имҩаҧысит асасцәа злахәыз аиҧылара. Уаҟа ирылацәажәан арепатриациа, адемографиа, аҧсуа бызшәа ирыдҳәалаз азҵаарақәа. Аиҧылара ааиртит Гагра ақалақь араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Гагра араион ахада ихаҭыҧуаҩ Алхас Барцыц, ауаажәларратә усзуҩы, аҭоурыхдырҩы-кавказҭҵааҩы Гурам Гәымба, ауаажәларратә палата ахаҭарнак Едуард Қвираиа, аҭоурыхдырҩы Руслан Гәажәба, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Виачеслав Сақаниа, Гагратәи актәи абжьаратә школ…
Нанҳәамза 10 рзы Аԥсуа Аҳра амузеи аартуижьҭеи 11 шықәса ҵуеит. Афон Ҿыц ақалақь аҭоурых-культуратә баҳчаҿы иҟоуп ари амузеи аҭыӡҭыԥ. Шәага-загала идуум азалқәа еидыркылоит ибеиоу аекспозициақәа, Аԥсны акультура аҿиареи аҭоурыхи аазырԥшуа. Аекспозициа еихшоуп атематикатә коллекциақәа рыла.
13 ш. раҧхьа аҭынч уааҧсыра рыҧсҭазаара аиқәырхаразы ибылуаз Цхьынвал ааныжьны «аҧсҭазаара амҩала» рҿанынарха, ақырҭуа архәҭақәа урҭ ирыхьӡаны аӡәаӡәала инарҿагыланы иреихсны иршьуан.
Иахьа ихацыркхеит Аҧсны Аҳәынқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алада Уаҧстәыла Ареспубликахь иофициалтә визит. Ари авизит мҩаԥысуеит 2008 ш. нанҳәамзазы имҩаҧысыз ахҭысқәа ргәаларшәара инамаданы. Аԥсуа делегациа Цхьынвалҟа амҩа ишықәыз имҩахыҵит иара убас Аҩадатәи Уааԥстәыла –Аланиа Ареспублика ашҟа. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аофициалтә делегациа алахәцәеи 2004 шықәсазы Беслан ақ. ашкол аҟны иҟалаз атеррористтә акт аан иҭахаз ашколхәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи анышә иахьамадоу амемориалтә ԥсыжырҭа…
Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рмузеи -икоммерциатәым акультура-ҵарадырратә еиҿкаароуп, ишьақәырӷәӷәан Аҟәа ақалақь аҟны Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы абзоурала.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Угур Бганба (Қобашь) адунеитә ӡбаҩуп, Европеи Ҭырқәтәылеи арбитражтә хеидкыла хада далахәылоуп, 2020ш.рзы Иапониа аҳҭнықалақь Токио имҩаԥысуаз Олимпиатә хәмаррақәа
Абар бжьымшуп Ҭырқәтәыла абнақәа амца рыцралан абылра иаҿуижьҭеи. Амцакра ахьыҟалаз 156 ҭыҧ рахьтә, 149 ҭыҧ рҟны амца аанкылоуп.
Аҧсны Аҳəынҭқарра Амилаҭтə банк иҭнажьит жəамааҭк ицо араӡынтə ҧсар, Ҭырқəтəыла ашьапылампылтə клуб дуқəа руак алегенда,
“Ҭырқəтəылаҟа аусура ҳəа ҳааижьҭеи зегь реиҳа ихадараны иаҳбо зҵаароуп Аҧсны Аҳәынҭқарра атəылауаҩшəҟəы змоу ҳџьынџьуаа рпаспортқəа рыҿҳəара ахьынҵəаз, урҭ даараӡа ирацəоуп. Сара Аҧсны снеины саныҟаз атəыла анапхгара злахəыз аизарақəа мҩаҧаҳгеит ари азҵаара аӡбаразы. Ҭырқəтəыла инхо ҳауаажəлар, зыҿҳəара нҵəаз атəылауаҩшəҟəы змоу , аҿкычымазара иахҟьаны Аҧсныҟа изнеиӡом, уи проблема дууп.
Ҳаҭыр зқәу Асҭамыр Оҭар-иҧа! ​ Гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәира амш. Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш здаҳҳәало, агәыӷра лашақәа зцу иреиӷьу абиԥара шәырхаҭарнакуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан 1992ш. ҧхынгәымза 23 рзы, Аҟәа ақалақь, Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аизара аҟны. Абираҟ автор - асахьаҭыхҩы, Валери Гамгиа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа рашәарамза 13 рзы Гәдоуҭа амшын аҟны аҧҳәыси ахәыҷи еиқәзырхаз Леон Барцыц дидикылеит. Аиҧылара далахәын Леон иаб, Милтон Барцыц. Аҳәынҭқарра Ахада Леон Барцыц иаб иҭабуп ҳәа еиҳәеит. "Ҳаибадырра сеигәырӷьоит.