ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06

АКОНФЕРЕНЦИА

05 Ԥхынгәы 2022
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы
Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа аусуратә ныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы аиҧыларақәа жәпакы мҩаҧыргеит. Рашәарамза 22 рзы имҩаҧысит аҧсуа культуратә центрқәа рхадацәа реизара. Уи рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы зхадараҿы дыҟаз Аҧснытәи аделегациа, Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Аҧсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Маҳариа, абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Умиҭ Аҭеиба.

АКОНФЕРЕНЦИА

09 Рашәара 2022
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы
Лаҵарамза 24 рзы, Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь Қарҭеҧе аҽырҩырҭаҟны имҩаҧысуеит "Аҧснытәи аиҧхныҩра" захьӡу аҽырыҩра, уи азкуп Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара.
Енвер Бзагәа, акикбоксинг азы Жәларбжьаратәи атурнир аҟны аџьазтә ҧхьахә даҧсахеит. Атурнир мҩаҧысуан лаҵарамза 15, 2022ш. рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы, Сҭампыл ақалақь аҟны.
Лаҵарамза 13, 2022ш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҳ. Р. Қардиа "Ахьӡ-Аҧша"аорден III аҩаӡара ианашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит. Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы гәалсра дула адырра ҟанаҵоит лыҧсҭазаара дшалҵыз Шьамтәылатәи Арабтә Республика адепутат, Шьамтәыла ицоз аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыразы еиҿкаау Агәыҳалалратә фонд анапхгаҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра «Ахьӡ-Аҧша" аорден а-3-тәи аҩаӡара занашьоу Жансет Казанҧҳа.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы ирыдырныҳәалоит иҧшьоу Рамадан аныҳәа. Шәныҳәаҧхьыӡқәа зегьы ҳазшаз иҟынӡа инаӡааит.

ЗАФЕР АРГӘЫН

05 Мшаҧы 2022
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл бџьаршьҭыхла ахьчараз иааз арҧарцәа дыруаӡәкуп Бурса иаҵанакуа Инегиол ақалақь аҟны инхоз Зафер Аргәын. Аибашьҩы, раҧхьаӡа акәны иабдуцәа рџьынџь дгьыл ишьапы ықәиргылеит иуаажәлар амца шыра ианалагылаз, еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы.

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 15-16

16 Хәажәкыр 2022
Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хәажәкырамза 15-16 даара илахьеиқәҵагоу рыцхәны иаанхоит. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц. Рыцҳарас иҟалаз, излагаз ажәылара лҵшәадахеит, уи иацын аҧсҭбарақәа маҷымкәа. Шәҩыла ҳаибашьцәа ахәрақәа роуит, иҭахеит 222-ҩык, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык, абжеиҳараҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан аибашьра ашьҭахь. Хәажәкыратәи ажәылара, 413 мши ҵхи ицоз аибашьра еиҟәызшаз акакәны уахәаҧшрыц алшоит.