ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Ҭырқәтәылантәи зҭруоыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа, иахьа, ақалақь фырхаҵа - Гәдоуҭа иаҭааит. Ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәеи Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз рыхьӡала иргылоу абаҟақәа рымҵан. Анаҩс, С. П. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи ахь инеит. Уатәи рныҟәарақәа рҟны дара алшара рыман амузеи злашьақәгылоу еиуеиҧшым аҟәшақәа рбара, урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан 2023 ш. рзы амҳаџьырқәа рыхьӡвла иаартыз азал.…
Аҧхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" алахәцәа аҭааит аӡиа Риҵа, уи акәша-мыкәша иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа. Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа рхыҧхьаӡара 80-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ ара рыҟазаара иалагӡаны Аҧсны мрагыларатәи мраҭашәаратәи ахәҭақәа ирҭаауеит, рыжәлантәқәеи дареи еибабоит, ргәалаҟазаара шҭызхуа, арлахҿыхратә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа ирылахәхоит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз аҧхынтәи аҿар рлагер «Ахьышьҭрахь» алахәцәа, иахьа, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ҳаибашьцәа рҳаҭгәын аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟны амҳаџьырқәа рыхьӡала игылоу абаҟа иаҭааит. Анаҩс, Ешыра ақыҭан Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, агәыҧ алахәцәа аҭааит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи, иара убас аботаникатә баҳча. Ҳџьынџьуаа зҭааз аҭыҧқәа…
Нанҳәамза 1 азы, Аҧснынтә Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭааит Кавказ акультуратә центрқәа Рфедерациа еиҿнакааз, Кавказ ажәларқәа ретнокультуратә фестиваль алахәцәа гәыҧҩык. Иахьа, алагер алахәцәа Сҭампылынтәи рымҩа хоуп Диузџьеҟа. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо, иара убас Кавказ ажәларқәа ркультуреи рбызшәеи ахьчара иацхраауа еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҧшьгарала, есышықәса Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Ливанынтәи, иара убас Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсныҟа ҧсшьара иаауеит аҧхынтәи аҿар рлагер "Ахьышьҭрахь" иалахәу ҳџьынџьуаа. Алагер раҧхьатәи агәыҧ Аҧсныҟа иааит нанҳәамза 1 азы. Апроект хықәкыс иамоуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, рҭоурыхтә ҧсадгьыл разхьарҧшра, агәыбылра абжьаҵара. Ҳџьынџьуаа ара рыҟазаара иалагӡаны алшара рымоуп Аҧсны аҭоурых, ҳмилаҭтә культура, ҳдоуҳатә беиарақәа рҭынха, аҧсуа жәлар рыбзазара…
Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадыррақәеи рфакульет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыәша астудентцәа ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иаҭааит. Аделегациа алахәцәа рныҟәарақәа ирылагӡаны ашәҭқәа шьҭарҵеит амемориалқәа рҟны, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ргәаладыршәеит, рҳаҭгәынқәа ирҭааит, иара убас Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рыхьӡала игылоу абаҟахьы инеит. Анаҩс, ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаан С. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала иргылоу аҳәынҭқарратә музеи ахь аныҟәарақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟан…
Иахьа, Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны иҟоу Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҧсуа бызшәеи алитературеи аҟәша астудентцәеи арҵаҩцәеи Аҟәа ақ. Ахьӡ-аҧша апарк аҟны ҳаибашьцәа рҳаҭгәынқәа рҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас, Алада Ешыра Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын иаҭааит. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны иҟазаауеит нанҳәамза ҩбанӡа. Астудентцәа рныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны ирбеит В. Арӡынба ихьӡ зху аибашьцәа рмузеи аекспозициақәа, иара убас, Д. Гәлиа…
Иара убас Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациа ахаҭарнакцәа рыдыркылеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор Алеко Гәарамиеи, Аҧснытәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент Зураб Џьапуеи. Аиҧылараҟны иазгәаҭан Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иаартхаз аҧсуа бызшәеи алитературеи рҵаразы аҟәша даара ишшьаҿа бзиоу ҳхатәы бызшәа аиқәырхаразы, ҳкультуреи ҳҭоурыхи аӡыргаразы, еизҳауа абиҧарақәа рымадаразы. Иазгәаҭан, ҳашьцәа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь рыхынҳәра ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи еснагь ишазыҧшу, ҳаимадара аҳәаақәа есааира ишырҭбаалатәу. Аделегациа…
Иахьа, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра идикылеит Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазареи аҭҵаарадырреи рфакульет "Кавказ абызшәақәеи акультуреи" рыҟәша астудентцәеи арҵаҩцәеи. Аиҧылара иалахәын аҟәша аиҳабы Феҳми Ӡыба, амаӡаныҟәгаҩ Али Агрба, Аҧсуа Федерациа уаанӡатәи ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Боџьгәуа Баграт, аилак аиҿкаара-зинхьчаратә усбарҭа анапхгаҩы Аслан Сангәлиа, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аусбарҭа аиҳабы Инал Хәытаба. Аиҧылара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада…
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны имҩаҧысит Ҭырқәтәылантәи Аҧсны иааны иҟоу ҳџьынџьуаа злахәыз аиҧылара. Аилак ахантәаҩы Баграт Боџьгәуа иазгәеиҭеит, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааз ҳашьцәа ара рыҟазаара иамоу аҵакы. Ирылацәажәеит арепатриациа иадҳәалаз азҵаарақәа, ҳаимадара арҿиара аусқәа. Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аделегациа аиҳабы Феҳми Ӡыба (Алҭын) ҳамҭас ианаршьеит асахьаҭыхҩы Гарри Дочиа иусумҭа. Иара убас, аделегациа алахәцәа аилак анапхгара гәаларшәагас аҳамҭақәа рырҭеит. Ишәгәалаҳаршәоит, арҭ…
Аҭоурыхтә ҧсадгьыл аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааз астудентцәа рныҟәарақәа ирыцҵоуп. Иахьа, дара аҭааит аӡиа Риҵа, ааигәа-сигәа иҟоу аҭыҧ ҧшӡарақәа, аӡхыҽҽақәа. Ҳџьынџьуаа ражәақәа рыла, рыҧсадгьыл лабҿаба иахьырбаз ргәы азнарҳаит, рабацәа рабдуцәа ирхыргаз агәаҟра лгәанаршәеит, инарҵауланы еилыркааит рџьынџь дгьыл иамоу аҵакы, знык араҟа аӡы иаҿыхәаз, уи агьама дшатәнатәуа. Аҧсны иаан иҟоуп Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет аҧсуа бызшәеи литературеи рыҟәша астудентцәа.
Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа аҭааит Афон Ҿыц ақалақь. Диузџьетәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша аҟны аҵара зҵо астудентцәа, иара убас урҭ рҭаацәа, алшара рыман иџьашьахәу, иблахкыгоу ақалақь аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡақәа рбара, ҳәарада Афонҿыцтәи аҳаҧы убрахь иналаҵаны. Ҳашьцәа ирбаз-ираҳаз акыр гәахәала ирыдыркылеит, Афон Ҿыц ақалақь акультуратә ҭынха абеиара ихнамхырц залымшеит. Иааиуа амшқәа рзы ҳџьынџьуаа ирзыҧшуп…