ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Нанҳәамза 30, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа рыҭан. 24 уада рахьтә - 15 уада ҩҿык рыла ишьақәгылоуп, иҟоуп ҿык змоу жәуадак. Арепатриантцәа ауада ҿыцқәа рыҭоуп хеихагылакны иҟоу аҩнаҟны Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан. Ауадақәа зауз рхыԥхьаӡара аҟны иҟоуп 1992ш.-1993ш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа, Аԥсны Афырхацәа, иара убас Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа.…
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы адырра ҟанаҵоит ҳџьынџьуаа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет рҭаҵаразы адкылара шымҩаԥысуа Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәсатәи апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны алаҳәара ҟанаҵоит аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара рҵарц азы адкылара шымҩаԥысуа. Аҵара аҿҳәара дара иалырхуа афакультет иадҳәалоуп, уахь иаҵанакуеит абызшәа аҽазыҟаҵаразы ихымԥадатәиу акурсқәа рахысра. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит, раара, рҵара уҳәа,…
Нанҳәамза 15 - Аҧсны хатәгәаҧхарала еибашьуаз ирымшуп. Зыҩнқәа, зҭаацәа, зусурақәа ныжьны иааз аибашьцәа-афырхацәа ирымшуп. Аҧсны ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, аиашареи рыхьчаразы бџьаршьҭыхла иқәҧон. Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи, Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсны зыхьчоз рфырхаҵара хашҭра ақәым. Аиааира иахьымӡаз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ҳфырхацәа ргәалашәара лашазааит, рҿаҧхьа ҳхырхәоит.
Нанҳәамза 14 - Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит. Убри аҽноуп, 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра ахы анакы. Зықьҩыла аҭынч уааҧсыреи афырхацәеи рхы ақәырҵеит Аҧсадгьыл ахьчара. Игәалашәара лашазааит акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба. Ргәалашәара наӡаӡазааит Аҧсны Аиааира азаазгаз иреиӷьыз аҵеицәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз зегьы. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит 413 мши-ҵхи бџьаршьҭыхла ҳаҧсадгьыл зыхьчоз аветеранцәа, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьаҳшьоит. Аҧсны жәлар аҭынчреи агәабзиареи рымазааит.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи, аҧхынтәи алагерь "Ахьышьҭрахь" алахәцәеи , Очамчыра ақалақь аҟны, 1992-1993ш.ш. рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала иргылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Р. А. Ҵәыџьба ихьӡ зху Акультура аҩнаҟны асасцәа рзы еиҿкаан ихаҭәааз аконцерттә программа. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны ироуз аҧхарра агәахәара рнаҭеит.
Иахьа, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҟны имҩаԥысит аԥхынтәи алагерь "Ахьышьҭрахь" алахәцәеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи аԥыза -министр, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиеи реиԥылара. Џьансыхә Нанбеи Зураб Қаџьаиеи рықәгыларақәа рҟны ирҳәеит, Аԥсныжәлар рзы акырӡа шаҵанакуа апроект "Ахьышьҭрахь" иааннакыло аҵакы, уи аиҿкаара шабзоуроу Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы. Дара, алагерь алаҳәцәа зегьы гәыблыла аԥсшәа…
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар, ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иаҭааит. Дара ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан, иара убас Лаҭатәи атрагедиа иахҟьаны иҭахаз рмемориал аҟны. Анаҩс, аҧхынтәи алагерь "Ахьышьҭрахь" алахәцәа, С. П. Дбар ихьӡ зху Аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аҟны аныҟәарақәа рзеиҿкаан, амузеи аекспонатқәа рҭоурых рзеиҭаҳәан. Амҳаџьырқәа рыхьӡ зху азал еиҿкаан 2023ш. рзы. Амузеи аҟны ицәыргақәҵоуп Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Шьамтәылантәи…
Ҳџьынџьуаа злахәу аҧхынтәи алагерь " Ахьышьҭрахь" рыҧсшьаратә мшқәа ирыцҵоуп. Иацы, урҭ аҭааит Аҧсны аҭыҧ ҧшӡарақәа ируакәу - Риҵа аӡиа. Иара убас, урҭ ирыман алшара Аӡҭачы иаҵәа абара аӡхыҽҽа аҭаара, агәаҭарҭатә ҭыҧқәа рҟынтәи Аҧсны аҧсабара агәылаҧшра. Ирбаз-ираҳаз зегьы акыр ихнахит, иагәыланахалеит. Аҳәаанырцәынтәи Аҧсныҟа иааз ҳџьыынџьуаа рхыҧхьаӡара 98-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьтә 45-ҩык Ҭырқәтәылантәи иаақәаз, Ливанынтәи 17-ҩык, Иорданиантәи 11-ҩык, Ҟарачы -Черқьесскынтәи 25-ҩык.
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа, иахьа, иаҭааит Афон Ҿыц. Урҭ ирыман алшара Афон ҿыцтәи аҳаҧы аҭалара, дара рзы уи акыр иблахкыган, иџьашьахәын. Иара убас, иаҭааит ауахәама, аберҭым, ақалақь аҭоурыхтә ҭынхақәеи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи. Ирбаз - ираҳаз акырӡа ихнахит. Ишәгәалаҳаршәоит, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Ливанынтәи, Ҟарачы-Черқьесынтәи араҟа зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа 98-ҩык шыҟоу. Апроект "Ахьышьҭрахь" аусура хнаркәшоит нанҳәамза 5 рзы. Уаанӡа ҳхылҵшьҭрақәа рҭоурыхтә…
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥшьгарала, есышықәсатәи аԥхынтәи алагер апроект " Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, ԥхынгәымза 27 рзы, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи, Ливанынтәи, иара убас Нхыҵ Кавказынтәи рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит ҳџьынџьуаа рделегациақәа. Аделагациақәа реилазаараҟны иҟоуп хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷкәа, аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа рҿар. Апроект ахықәкы хадақәа ируакуп еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхо аԥсуаа реидкылара, реизааигәатәра. Ҳџьынџьуаа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны идырбахоит рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭыԥ ԥшӡарақәа, иреилыркаахоит аԥсуаа…
Ҧхынгәымза 23 рзы, Черқьесск ақалақь, акультуреи аҧсшьарҭеи ирызку абаҳча "Адгьылбжьаха иаҵәа" аҟны имҩаҧысит Абаза жәлар ркультура амш иазкыз аусмҩаҧгатә. Ахәылбыҽха, еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан анапҟазацәа рцәыргақәҵақәа, абаза бызшәала ирыҧхьон ажәеинраалақәа, ахәыҷқәа рзы иазгәаҭан авикторина, иреиҭьу амилаҭтә маҭәазы аицлабра. Иара убас, абаҳчаҟны ицәырган амилаҭтә чысхкқәа. Еизаз рҿаҧхьа иқәгылеит абаҩхатәра злоу Ҟарачы-Черқьесски Аҧсны Аҳәынҭқарреи рартистцәа. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә…
Ҧхынгәымза 23 - Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшуп! Аҳәынҭқарратә бираҟи аҳәынҭқарратәи герби шьақәырӷәӷәан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟны, 1992ш.ҧхынгәымза 23 рзы. Аҳәынҭқарратә бираҟ авторс дамоуп асахьаҭыхҩы Валери Гамгиа. Валери Гамгиа, иара убас, аҳәынҭқарратә герби, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа "Леон иорден, "Аҧсны Афырхаҵа", "Агәымшәаразы" амедалқәа дравторуп. Рашәарамза 3, 2005ш.рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаҧшь Аусҧҟа инапы аҵаиҩит ҧхынгәымза 23 -Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иамшны ирылаҳәазарц. Ажәлар…