ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Цәыббрамза 22, 1993ш. рзы дҭахоит Аҧсадгьыл ахьчаҩ, аҟабарда ҷкәын - Ҳанефи ЕгожьАҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҭырқәтәылантәи забдуцәа рџьынџь ахьчара иааз аҧсуа еибашьцәа реиҧш, Каисери ақалақь еиуаз аҟабарда ҷкәын Ҳанефи Егожь, иашьцәа ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа аниаҳа, ҧшрак ҳәа ҟамҵакәа арахь амҩа дықәлеит. Акыр агәаӷьреи, ачҳареи, афырхаҵареи зцыз аибашьратә мҩа Ҳанефи Егожь ишиаҭәаз еиҧш данысит, еиҳа ианаҭахыз аамҭазы иашьцәа ижәҩахыр рыдиҵеит, уи…
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аколлективи гәык-ҧсык ала ҳаиашьаратә адыга жәлар ирыдырныҳәалоит -Адыгацәа рымш. Аҭоурыхтә хҭысқәа ирыхҟьаны акыр ауадаҩрақәа ишрыниахьоугьы, адыга жәлар иахьа аизҳазыӷьара амҩа иануп. Ирзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа, аизҳарақәа, аҭынч ҧсҭазаара!
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы есышықәса имҩаҧнаго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь астудентцәа рыдкыларазы ааҧхьара ҟанаҵоит. Аҵара ҿҳәарас иамоу иалырхуа афакультет иахьыҧшуп, ихымҧадатәиу абызшәатә ҽазыҟаҵаратә курсқәа налаҵаны. Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы астудентцәа раареи рҵареи иадҳәалоу ахарџьқәа ахахьы иагоит, иара убас қәҿиарала аҵара зҵо астипендиа рызшәахоит. Арзаҳалқәа рыдкылахоит цәыббрамза 15, 2023 ш. Еиҳа инарҭбаау аинформациа шәоурц азы…
Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа! Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҭаацәа! Гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа. Ари аныҳәа ус баша иахьӡым - аҵарадырра амш ҳәа. Ашкол аҧсҭазаара, уаҟа имҩаҧысуа амшқәа, ашықәсқәа, дарбанызаалак изы акырӡа аҵанакуеит. Ашкол аҟноуп ауаҩытәыҩса ихаҭара ахьышьақәгыло, аҧхьаҟатәи изаанаҭ ашьаҟа ахьаиуа. Акыр иаҧсоу арҵаҩцәа! Ишәыгымзааит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аусқәа рҟны аихьӡарақәа. Шәнапы иҵышәхуа, аџьабаа здыжәбало шәҵаҩцәа, рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы…
Нанҳәамза 15 - Аҧсны хатәгәаҧхарала еибашьуаз ирымшуп. Зыҩнқәа, зҭаацәа, зусурақәа ныжьны иааз аибашьцәа-афырхацәа ирымшуп. Аҧсны ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, аиашареи рыхьчаразы бџьаршьҭыхла иқәҧон. Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи, Нхыҵ-Кавказынтәи Аҧсны зыхьчоз рфырхаҵара хашҭра ақәым. Аиааира иахьымӡаз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ҳфырхацәа ргәалашәара лашазааит, рҿаҧхьа ҳхырхәоит.
Иахьа, аҳҭнықалақь Аҟәа ҳџьынџьуаа рзы еиҿкаан аныҟәарақәа жәпакы. Агәыҧқәа реиҳабацәа рыцны аботаникатә баҳча иаҭааит. Анаҩс, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә тәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны аҿар ирзеиҭаҳәан аҭоурых, идырбан аҟәшақәа еидыркыло аекспонатқәа. Ҳҭоурых иаҿахәҳәагоу, ажәытәра ахаҿра аазырҧшуа амаҭәахәқәа акыр иблахкыган. Хымҧада, ҳџьынџьуаа хәыҷқәа гәахәарыла ирыдыркылеит лабҿаба ирбаз-ираҳаз зегьы. Иахьа, иара убас И. Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иҟаиҵаз ааҧхьарала, аҳәаанырцәынтәи Аҧсны зыҧсшьарамшқәа…
Нанҳәамза 14 - Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы итрагедиатәу рыцхәны иаанхоит. Убри аҽноуп, 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра ахы анакы. Зықьҩыла аҭынч уааҧсыреи афырхацәеи рхы ақәырҵеит Аҧсадгьыл ахьчара. Игәалашәара лашазааит акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба. Ргәалашәара наӡаӡазааит Аҧсны Аиааира азаазгаз иреиӷьыз аҵеицәа, ҳџьынџьуаа, хатәгәаҧхарала иҳацеибашьуаз зегьы. Рҿаҧхьа ҳхырхәоит 413 мши-ҵхи бџьаршьҭыхла ҳаҧсадгьыл зыхьчоз аветеранцәа, агәабзиареи агәамчи рзеиӷьаҳшьоит. Аҧсны жәлар аҭынчреи агәабзиареи рымазааит.
Ҳаҭыр зқәу, Мусса Ҳабал-иҧа! Аҧсадьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуратә еилазаареи рыхьӡала, гәык- ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит Шәирамшы! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәнапы злаку аусқәа зегьы рҟны аихьӡарақәа! Шәара акырӡа шәлагала рацәоуп аҧсуа - абаза жәлар реидкылара, реимадара аус аҟны. Ҷыдала шәазыҟоуп аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара. Ҳзеиҧш усқәа рҟны иаашәырҧшуа ахаҵгыларазы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Шәҿаҧхьа иқәгылоу шәыгәҭакқәа рынагӡараҟны аманшәалара…
Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны зыҧсшьарамшқәа зхызго аҿар, иахьа, рныҟәарақәа ирыцҵан Гаграҟа. Урҭ идырбан аҭыҧ ҧшӡарақәа, ирзеиҭаҳәан ақалақь аҭоурых. Ахәыҷқәа рзы даара игәырӷьаран адельфинари аҭаара. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл абзиабара есааира изныруа ҳџьынџьуаа, Аҧсны рыҟазаара агәахәара ду рнаҭоит. Дара ражәақәа рыла, наунагӡа арахь нхара иаауагьы ҟалашт. Аделегациа алахәцәа рныҟәарақәа ҳәаақәырҵоит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи. Дара иҭабуп ҳәа рарҳәоит иахьатәи…
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьарамшқәа зхызго ҳџьынџьуаа, иахьа, иаҭааит Афон Ҿыц. Урҭ ирыман алшара Афон ҿыцтәи аҳаҧы аҭалара, дара рзы уи акыр иблахкыган, иџьашьахәын. Иара убас, иаҭааит ауахәама, аберҭым, ақалақь аҭоурыхтә ҭынхақәеи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи. Ирбаз - ираҳаз акырӡа ихнахит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгара иҭабуп ҳәа рарҳәоит, апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо аҿар адгылареи ацхыраареи рызҭо зегьы.…
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны зыҧсшьаратә мшқәа зхызго аҿар, иахьа, Аҟәа ақ. Ахьӡ - Аҧша апарк иаҭааит, ҳаибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩс, Амшын Еиқәа аҿықә аҟны игылоу амҳаџьырқәа рбаҟа ашҟа ицеит. Иара убас, иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа. Апроект "Ахьышьҭрахь" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсынтәыла зыҧсы зшьо ҳџьынџьуаа, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа,…
Иҧсҭазаара далҵит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал занашьаз, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл бџьаршьҭыхла изыхьчаз ҳџьынџьуаҩ Ерсын Чқәуа. Ауаҩы аамысҭашәа, ашьац иаӷрагылар ҳәа ишәоз, зыламыс ҳаракыз Ерсын Чқәуа, иҧсадгьыл иҧсеиҧш бзиа ибон, ижәлар рхьаа ихьаан, ргәырӷьара игәырӷьан. Араҟа иаҧиҵахьан аҭаацәара ҧшӡа, ирызҳауеит ихылҵ. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусуратә еилазаареи гәалсра дула ирыдышшылоит Ерсын Чқәуа иуацәеи-иҭынхацәеи.