ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы хәажәкырамза 15-16 даара илахьеиқәҵагоу рыцхәны иаанхоит. Абарҭ амшқәа рзы Аҧснытәи архәҭақәа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәырц. Рыцҳарас иҟалаз, излагаз ажәылара лҵшәадахеит, уи иацын аҧсҭбарақәа маҷымкәа. Шәҩыла ҳаибашьцәа ахәрақәа роуит, иҭахеит 222-ҩык, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык, абжеиҳараҩык рыҧсыбаҩқәа ҧшаан аибашьра ашьҭахь. Хәажәкыратәи ажәылара, 413 мши ҵхи ицоз аибашьра еиҟәызшаз акакәны уахәаҧшрыц алшоит. Иарбаз аплан инақәыршәаны,…
Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы нагӡа змоу Ахаҭарнакра 30 ш. ахыҵит. 1994 ш. хәажәкырамза 1 азы, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥшьгарала, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика Сҭампыл ақалақь аҟны иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнакра. Акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсны Ахаҭарнакра напхгара аиҭон Владимир Аҩӡба, иара убас еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ари анапхгара рнапы ианын Инар Гыцбеи Вадим Ҳаразиеи. Ҳазҭагылоу аамҭазы Ҭырқәтәылатәи…
Аҧснытәи аделегациа Ливантәи Ареспубликаҿы аофициалла рныҟәарақәа рхыркәшамҭазы, Ливан иҟоу Аҧсуа Культуратә центр анапхгаҩы Абдульразак Риад (Цыба) иҩнаҭаҟны асасцәа идикылеит. Иара убас, имҩаҧысит аҧхарра зцыз аҧсуа диаспореи Аҧснытәи аделегациеи реиҧылара. Анаҩс, ажәа иман Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Иара, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Абдульразак Риад аҧхарра зцыз еиҿикааз аиҧыларазы, имҩаҧысуаз ауснагӡатәқәа зегьы рҟны адгылара ахьааирҧшыз, хаҭала зегьы рхы ахьрылаирхәыз.…
Ливантәи Ареспубликаҿы имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи Урыстәылатәи Афедерациа ахьӡала Ливантәи Ареспубликаҿы иҟоу Азинмчы нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Рудакови реиҧылара. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы В. Ҳаразиа, А. Сангулиа, Е. Чамагәуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа: Б. Џьопуа, В. Бебиа, Р. Аиба, Н. Салаҟаиа, Д. Гогиа. Аиҧылара еиҿыркааит Ливан иҟоу аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Риад Абдульразак (Цыба) зхадараҿы дыҟоу…
О. Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурых амузеи аҟны, Аҧсуа университет астудентцәа рзы аиҧыларақәа мҩаҧысуеит. Урҭ реиҿкаареи рымҩаҧгареи рнапы алакуп амузеи аусзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩы, арккаҩы Октаи Ҷкотуеи, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарбеи алархәны. Арҵара-ааӡаратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, астудентцәа разҿлымҳара аҟынӡа инаргоит аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рыҩныҵҟа ишьақәгылаз ауаа хатәрақәа рнысымҩа, рҭоурых, рҭынха аӡбахә, зегь раҧхьаӡа иргыланы - арккаҩ ду Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиареи,…
Аҧснытәи аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликахь рцара аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Адаҧазар иаҵанакуа, аҧсуаа рацәаҩны иахьынхо Сақариа ақалақь. Аҧсуа культуратә центр анапхгаҩы Орал Бганба, асасцәа идирбеит ҿыц идыргылаз адернеқь ахыбра. Иазгәеиҭеит, ахәыҷқәа аҧсуа бызшәа дырҵаразы акружокқәа шеиҿкаау, арҵаҩцәа руаӡәк, Мануела Хәырхәмалҧҳа, Аҧсны дшеиуоу, араҟа аҭаацәара дшалоу. Иара убас иҳәеит, аҟазара аусхкқәа ишрызҿлымҳау, уи иазку аусмҩаҧгатәқәа шеиҿыркаауа. Иара убас, Аҧснытәи аделегациа алшара рыман аҧсуа…
Ҧхынҷкәынмза 15 рзы, Ҭырқәтәыла, Анкара ақалақь аҟны имҩаҧысуаз абокс ахәылҧаз аҟны, ҳџьынџьуаҩ Енвер Бзагәа, Ирантәи аспортсмен Санџьад Хабиб дииааит. Енвер Бзагәа, абокс азы ипрофессионалтә кариераҿы ари ахҧатәи иааироуп. Иара, Ҭырқәтәылантәи раҧхьаӡа акәны иҭоурыхтә ҧсадгьыл даҭааит 2019 ш. рзы, усҟан ихы алаирхәит Афон Ҿыц ақалақь аҟны имҩаҧысуаз абокстә турнир "Аҧсны аҳәынҭқарра акәбок". Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала, Енвер Бзагәа иигаз…

Лаҭатәи ахлымӡаах

15 Ԥхынкәын 2023
31 шықәса раҧхьа, ҧхынҷкәын 14, 1992 шықәса рзы, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иҭадырхеит, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иҵҧрааз, аҭынч уааҧсыра зҭаз, Урыстәылатәи аверталиот Ми-8. Ажәҩан иалаблыз 87-ҩык рахьтә иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа… Ари ахҭыс хлымӡаах, иахьа уажәраанӡа, иахәҭоу жәларбжьаратәи ахәшьара маиуӡацт. Ҳаҧсуа жәлар ирхыргахьо атрагедиа уаналацәажәо, угәы ҿызкаауа акәны иҟалеит ари амш. Аибашьраҿы иухамшҭуаз ахҭысқәа шыҟазгьы, ари амш, аҭоурых адаҟьақәа ирнымҵуа хлымӡаахны иаанхеит. Уижьҭеи аамҭа…
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит Ливантәи Ареспублика аҟынтә зҭоурыхтә ҧсадгьыл иаҭааз ҳџьынџьуаа рделегациа злахәыз аиҧылара.
Исуверентәу, идемократиатәу, изинтәу Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш Иреиҳау Асовет ақәҵарала ирыдкылан 1994ш.абҵарамза 26 рзы. Убри аҽны атәыла иреиҳау азакәанҧҵаратә усбарҭа адепутатцәа далырхит раҧхьатәи Ахада - Владислав Арӡынба.Аҧсны Аконституциа рыдыркылон иуадаҩыз аамҭазы, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра анаҩс. Аконституциа еиднакылоит акзаара, ахьыҧшымра, Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра амазаара; ирылаҳәоуп азакәанҧҵаратә, анагӡаратә, аӡбаратә махәҭақәа реихшара; ауаҩы изини ихақәиҭреи агарантиа аҭара. 1999ш. жьҭаарамза 3 рзы имҩаҧысыз ареферендум аҿы…
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧҵан 1933ш. рзы. Сынтәа уи иахыҵит 90ш. Ҳтәыла аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы, Аҧснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҵак ду змоу аҭыҧ ааннакылоит, ҳтәыла акультуратә ҧсҭазаара активла иалахәуп. Иара убас, қәҿиарала аусура нанагӡоит, еизҳауа абиҧара ашәҟәаҧхьарахь ихьазырҧшуа аинтерес зҵоу апроектқәа еиҿнакаауеит, аҿар апатриоттә ҟазшьақәеи адоуҳатә беиареи рыланааӡоит. Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи аусзуратә еилазаареи гәык-ҧсык…
Имҩаҧысыз алхрақәа ирылҵшәаны, Кавказтәи Афедерациа Ахадас далхуп Иунал Ҳалав. Уаанӡа Кавказтәи Афедерациа хантәаҩра азиуан Иумиҭ Шоген. Анкара имҩаҧысуаз ажәеизатәи Аизара ду Аҧснынтә рхы аладырхәит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа напхгара зиҭо аделегациа. Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Басҭаҟәа Агрба, асоциал-адаптациатә ҟәша аиҳабы Алиас Нанба, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.…