ИХӘАРҬОУ АИНФОРМАЦИА

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

01
02
03
04
05
06
Аҧснытәи апрофессионалтә боксиор Енвер Бзаӷәа Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуаз атурнир аҟны Аиааира игеит. Иахьа, рашәарамза 27рзы, Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуаз УСК "Крылья Советов" захьӡу апрофессионалтә бокс атурнир аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгылоз апофессионалтә боксиор,
Рашәарамза 27, 2021ш.рзы Москва ақалақь аҟны имҩаҧысуеит УСК "Крылья Советов" захьӡу арофессионалтә бокс атурнир. Иазгәаҭоу атурнир аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьӡала дықәгылоит апофессионалтә боксиор, Аҧсны еизгоу акоманда алахәыла Енвер Бзаӷәа.
Ақырҭуа спортсмен Важьа Маҷарашьвили, Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз MMA World Mix Fight ақәҧаразы ачемпионат мап ацәикит, GMC German Championship ачемпион, ҳџьынџьуаҩ Кораи Џьенгизи (Ацыгәба) иареи еиндаҭлараны иахьыҟаз, аицлабра алагара минуҭқәак шагыз.
Ҳазҭоу амза рашәарамзазы, Ҭырқәтәыла, Қоџьаели ақалақь аҿы имҩаҧысит уаҟа еиҿкаау Аҧсуа культуратә центр аиҳабы Ҳасан Қонџьеи, Қоџьаели ақалақь агәбернатор Седдар Иаузи реиҧылара.
Рашәарамза 10, 2021ш.рзы, Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит уи ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи 20-ҩык абитуриентцәа рҭаацәеи реиҧылара, қәҿиарала атестқәа азҭаз Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатәи азинмчра нагӡеи змоу Аҧсны ахаҭарнак Баграт Хәытабеи, ахаҭарнак ицхырааҩ Муҳаммад Али Ҭаҭажьи реиҧылара.
Рашәарамза 4 рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит Али Муҳаммад Ҭаҭажь иҧылара, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Али Муҳаммад Ҭаҭажь иҧылара
Рашәарамза 3 рзы Гәылрыҧшь араион аҟны имҩаҧысит Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Иорданиантәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаа злахәыз аиҧылара.
Рашәарамза 2 рзы Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны абитуриентцәа Анатолиатәи ауниверситет ахыҧхьаӡаларазы аттестациа иахысит.
Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аҧшьгарала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысыз "Ачыс хаақәа рныҳәа" ихы алаирхәит Ҭырқәтәылантәи жәохә шықәса раҧхьа Аҧсныҟа нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ Озқан Хәаҧшыхә.
"Аслан Бжьаниа авизит алҵшәа бзиа атәы дазааҭгылауа иазгәеиҭеит, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи аҧхьаҟатәи ганрацәалатәи русеицура феида злоу аныра шанаҭо.
Аурыс-Кавказ еибашьра иахҟьаны а-19-тəи ашəышықəсазы Кавказ ажəларқəа аӡəырҩы мчымхарыла рыҧсадгьыл иахган. Урҭ рахьтə аӡəырҩы амҩан рыҧсҭазаара иалҵит, иҟоуп атəым дгьыл аҟны иҧсқəазгьы.